ТЕЛЕГРАММЫ

Ахаша, 02 Жьҭаара 2024 10:38

Кәакәасқьыр Ҭ.В. "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩы" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵаразы Аусԥҟа

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Кәакәасқьыр Ҭ. В. "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩы"  ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.Аусԥҟа атекст аҟны иҳәоуп:"Акультуреи аҟазареи русхк аҟны илшамҭақәа рзы "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩы" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵазааит  Кәакәасқьыр Ҭемраз Валери-иԥа"