ТЕЛЕГРАММЫ

Амҽыша, 15 Цәыббра 2024 10:50

Аслан Бжьаниа Даниель Ортега Никарагуа Ареспублика Ахьыԥшымра амш идиныҳәалеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Никарагуа Ареспублика Ахьыԥшымра амш инамаданы Ахада Хосе Даниел Ортега Сааведра ихьӡала адныҳәаларатә цҳамҭа ишьҭит.«Ҳаҭыр зқәу Ахада,Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ишәыдысныҳәалоит Шәаргьы, напхгара ззыжәуа Никарагуа Ареспублика ажәлар зегьы Ахьыԥшымра амш!  Ҩышә шәышықәса иреиҳауп никарагуатәи ажәлар аҳәынҭқарра аргылареи арҿиареи иаҿуижьҭеи фырхаҵарала атәыла асуверенитет хьчаны иааго.Аԥсны жәлар ирхашҭраны иҟаӡам Никарагуа Урыстәылатәи Афедерациа инашьҭарххны Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра шазханаҵаз.Ҳтәылақәа ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа аҿиара иаҿуп аиҩызареи аҳаҭыреиқәҵареи шьаҭас ирыҭаны, агәра згоит урҭ аԥхьаҟагьы есааира рыҽшырҭбаало.Шәара шәнапхгарала Никарагуа Ареспублика аихьӡара дуқәа амоуп аекономика аҿиараҟны, атәыла жәларбжьаратәи аренаҟны аҳаҭыр ашьҭыхраҟны.Ахада шәхаҵкы, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, Аԥсадгьыл амаҵ аураҟны аринахысгьы аихьӡарақәа, никарагуатәи ажәлар – аҭынчра, аизҳазыӷьара».