ТЕЛЕГРАММЫ

Асабша, 14 Цәыббра 2024 10:51

Аслан Бжьаниа Дмитри Медведев Иира амш идиныҳәалеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев Иира амш идиныҳәалеит.Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:"Ҳаҭыр зқәу Дмитри Анатоли-иԥа!Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш. Шәара зздыррақәа, зԥышәа, зыԥсҭазаара зегьы урыстәылатәи аҳәынҭқарра аҿиара, жәларбжьаратәи аҳаҭыр арӷәӷәара иазызкыз ҳәынҭқарратә усзуҩуп.Аҳәынҭқарраҿы шәнапы ианыз аҭакԥхықәра ҳаракы зцу амаҵзурақәа рҿы шықәсырацәалатәи шәусура есқьынгьы иацын аҟәыӷара, агәаӷьра, аус ацәхьамҵра.  Аԥсны жәлар ирхашҭраны иҟаӡам Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵаразы ишәыдышәкылаз аҭоурыхтә ҵакы змоу азыӡба. Аԥсны ахә ҳаракны иршьоит Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аиҩызаратә, аидгыларатә еизыҟазаашьақәа рҿы хаҭала Шәара шәлагаламҭа.Ҳаҭыр зқәу Дмитри Анатоли-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ахирра, аихьӡарақәа Урыстәылатәи Афедерациа аизҳазыӷьара изаку шәмаҵураҟны".