ТЕЛЕГРАММЫ

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба адышшыларатә шәҟәы изишьҭит  Урыстәылатәи Афедерациа Ахада В.  В. Путин Баку-.Грозныи иҧыруаз апассаџьыртә  ҳаирплан акаҳара инамаданы. Адышшыларатә шәҟәаҟны, ҷыдала, иҳәоуп:Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иҧа!  Гәалсра дула иҳадаҳкылеит иҟалаз аҳаиртә хлымӡаах, хыҧхьаӡара рацәала Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа рҭахара.  Аҧсны жәлар рыхьӡала гәык-ҧсык ала срыдышшылоит иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи, еиқәхаз ауаа ирзеиӷьасшьоит лассы ргәабзиара ашьақәгылара.  
УА Аиҳабыра Ахантәаҩы Ихаҭыԥуаҩ Александр Новак ҭелла Гәынба Бадра Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада имаҵурахьы иалхра идиныҳәалеит.Хәажәкырамза 3 рзы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас иалху Гәынба Бадреи УА Аиҳабыра Ахантәаҩы Ихаҭыԥуаҩ Александр Новаки ҭелла реицәажәара.УА Аиҳабыра Ахантәаҩы Ихаҭыԥуаҩ Александр Новак ҭелла Гәынба Бадра Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада имаҵурахьы иалхра идиныҳәалеит.Новак иҳәеит аԥсны-урыстәылатәи аусеицура аԥхьаҟа аҿиара роуеит ҳәа игәы ишаанаго, Гәынба Бадра изеиӷьеишьеит аихьӡарақәа Аԥсны жәлар реизҳазыӷьара ахьӡала аҳәынҭқарратә маҵзура ду аҟны.Гәынба Б. А. Новак иҭабуп ҳәа иеиҳәеит дныҳәалери азеиӷьашьарақәеи рзы.  
 Башкорҭосҭан Ареспублика Ахада Ради Хабиров Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас иалху адныҳәаларатә цҳамҭа изааишьҭит.Адныҳәаларатә цҳамҭа, ҷыдала иаҳәоит:«Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа!Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рыҟны ижәгаз аиааира.  Урыстәылатәи Афедерациа Башкорҭосҭан Ареспубликаҟны ахә ҳаракны иршьоит Аԥсны Аҳәынҭқарреи ҳареи иҳабжьоу аиҩызареи аусеицуреи. Агәра згоит аԥхьаҟагьы аекономикатәи агуманитартәи усхкқәа рыҟны наҟ-ааҟ феида злоу аимадарақәа есааира ишыӷәӷәахо.  Башкорҭосҭан Ареспублика Ахада Бадра Гунба изеиӷьеишьеит аихьӡарақәа Аԥсны жәлар рыхьӡала имҩаԥиго аҭакԥхықәра зцу аус аҟны, аҭынчра, ахирра.  
Башкорҭосҭан Ареспублика Аԥыза-министр Андреи Назаров Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас иалхра идиныҳәалеит.  Адныҳәаларатә цҳамҭа, ҷыдала иаҳәоит:  «Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа!Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас шәалхра.Ажәлар ргәазыҳәара аарԥшрала имҩаԥысыз алхрақәа рыҟны ижәгаз аиааира иаанарԥшит аԥснытәи атәылауаа аполитикаҩныҵҟатәи аҭышәынтәалареи инеиԥынкыланы атәыла асоциал-економикатә ҿиареи ралыршара иазынархоу Шәара шәполитикатә программа адгылара шарҭаз.  Агәра згоит Шәара шәнапхгарала урыстәыла-аԥснытәи аидгыларатә еизыҟазаашьақәа аҭынчра, аҭышәынтәалара, аизҳазыӷьара иацхраауа есааира ишыӷәӷәахало, ишыҿиало,  Башкорҭосҭан Ареспубликеи Аԥсни реимадара аҽшарҭбаало ҳажәларқәа еидызкыло аиҩызара аҵас бзиақәа шьаҭас иаҭаны.Ишәзеиӷьасшьоит аихьӡарақәа, агәабзиара, ахирра.»
 Санкт -Петербург инхо Аԥсуа диаспора иаанашьҭыз адныҳәаларатә цҳамҭаҟны Бадра Зураб-иԥеи Беслан Владимир-иԥеи  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадеи Ахада Ихаҭыԥуаҩси ралхра инамаданы гәык-ԥсык ала ирыдныҳәалеит. «Ажәлар иҟарҵаз алхра иаанарԥшуеит милаҭрацәала ишьақәгылоу Аԥсны аҿиареи, аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, азинлеишәеи рырӷәӷәареи ирызку аполитикатә хырхарҭа ишадгыло.    Алхратә программаҟны иарбан ахырхарҭа хадақәа: атәылауаа рыбзазаратә ԥсҭазаара аиӷьтәра, атәылахьчара арӷәӷәара, атәыла жәларбжьаратәи азхаҵара, астратегиатә проектқәа рынагӡара», - аҳәоит адныҳәалараҟны.    Адиаспора агәыӷра аанарԥшуеит иалырхыз аԥызацәа рнапхгарала Аԥсны иреиҳау аихьӡарақәа рҟынӡа ишынаӡо асуверенитет арӷәӷәареи, аҳәынҭкарратә ргылареи, асоциалтә ҿиареи  рыҟны.Ҷыдала хшыҩзышьҭра аҭоуп астратегиатә партниор - Урыстәыла аус ацура, уи адгылара иабзоураны ааглыхра, афымцамч, атранспорт, акультура, аҵараиураа аҿиара шроуа. Азеиԥш проектқәа рымҽхак арҭбаара атәыла  аԥеиԥш бзиа агәрагара унаҭоит.  Санкт-Петербург ҭоурыхла Аԥсны иадҳәалоуп: Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан ақалақь ахҵәацәеи ахәцәеи ацхыраара ахьырнаҭоз  центрхеит, агәыҳалалратә цхыраара ҟанаҵон, амацәаз иҭакыз Тҟәарчал налаҵаны. Иахьа Ленинград ахьчаразы злагала ыҟоу Пискариовтәи аҳаҭгәын аҟны амеморалтә ӷәы наунагӡа зыхьӡқәа ану ауаа хашҭра рықәым. Адиаспора агәыӷра аанарԥшуеит анапхгаҩцәа ҿыцқәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 80 ш. ахыҵра иазку амшқәа рзы Санкт-Петербург иаҭаап ҳәа.Санкт-Петербург инхо Аԥсуа диаспора Бадра Зураб-иԥеи Беслан Владимир-иԥеи аҳәынҭқарратә маҵзура аҟны аихьӡарақәеи, агәамчи, ахирреи рзеиӷьаршьеит, Аԥсны жәлар зегьы - аҭынчра, акзаара, аизҳазыӷьара.  
Адаҟьа 2 - 2