Асабша, 14 Цәыббра 2024 10:51
Аслан Бжьаниа Дмитри Медведев Иира амш идиныҳәалеит
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев Иира амш идиныҳәалеит.Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:"Ҳаҭыр зқәу Дмитри Анатоли-иԥа!Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш. Шәара зздыррақәа, зԥышәа, зыԥсҭазаара зегьы урыстәылатәи аҳәынҭқарра аҿиара, жәларбжьаратәи аҳаҭыр арӷәӷәара иазызкыз ҳәынҭқарратә усзуҩуп.Аҳәынҭқарраҿы шәнапы ианыз аҭакԥхықәра ҳаракы зцу амаҵзурақәа рҿы шықәсырацәалатәи шәусура есқьынгьы иацын аҟәыӷара, агәаӷьра, аус ацәхьамҵра. Аԥсны жәлар ирхашҭраны иҟаӡам Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵаразы ишәыдышәкылаз аҭоурыхтә ҵакы змоу азыӡба. Аԥсны ахә ҳаракны иршьоит Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аиҩызаратә, аидгыларатә еизыҟазаашьақәа рҿы хаҭала Шәара шәлагаламҭа.Ҳаҭыр зқәу Дмитри Анатоли-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ахирра, аихьӡарақәа Урыстәылатәи Афедерациа аизҳазыӷьара изаку шәмаҵураҟны".
Амҽыша, 15 Цәыббра 2024 10:50
Аслан Бжьаниа Даниель Ортега Никарагуа Ареспублика Ахьыԥшымра амш идиныҳәалеит
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Никарагуа Ареспублика Ахьыԥшымра амш инамаданы Ахада Хосе Даниел Ортега Сааведра ихьӡала адныҳәаларатә цҳамҭа ишьҭит.«Ҳаҭыр зқәу Ахада,Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ишәыдысныҳәалоит Шәаргьы, напхгара ззыжәуа Никарагуа Ареспублика ажәлар зегьы Ахьыԥшымра амш! Ҩышә шәышықәса иреиҳауп никарагуатәи ажәлар аҳәынҭқарра аргылареи арҿиареи иаҿуижьҭеи фырхаҵарала атәыла асуверенитет хьчаны иааго.Аԥсны жәлар ирхашҭраны иҟаӡам Никарагуа Урыстәылатәи Афедерациа инашьҭарххны Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра шазханаҵаз.Ҳтәылақәа ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа аҿиара иаҿуп аиҩызареи аҳаҭыреиқәҵареи шьаҭас ирыҭаны, агәра згоит урҭ аԥхьаҟагьы есааира рыҽшырҭбаало.Шәара шәнапхгарала Никарагуа Ареспублика аихьӡара дуқәа амоуп аекономика аҿиараҟны, атәыла жәларбжьаратәи аренаҟны аҳаҭыр ашьҭыхраҟны.Ахада шәхаҵкы, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, Аԥсадгьыл амаҵ аураҟны аринахысгьы аихьӡарақәа, никарагуатәи ажәлар – аҭынчра, аизҳазыӷьара».
Ахәаша, 27 Цәыббра 2024 10:46
Аслан Бжьаниа Аҧсны жәлар рпоет, аиҭагаҩ, алитературатә критик, "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу Мушьни Лашәриа иԥсҭазаара иалҵра инамаданы иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны жәлар рпоет, аиҭагаҩ, алитературатә критик, "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу Мушьни Лашәриа иԥсҭазаара иалҵра инамаданы иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит.Адышшылара атекст аҟны иҳәоуп:"Гәалсра дула срыдышшылоит Аԥсны Жәлар рпоет, аԥсуа литература аклассик, аиҭагаҩ, Аҧсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа Ахантәаҩы, ауаажәларратә усзуҩы, "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу Мушьни Лашәриа иуацәеи иҭынхацәеи иԥсҭазаара иалҵра инамаданы.Мушьни Таииа–иԥа Лашәриа ган рацәала еибарку абаҩхатәра змаз, ҳпоезиатә культура иналукааша апеизажтә, алирикатә аԥҵамҭақәа рыла изырбеиаз поетуп, аԥсуа литератураҭҵаареи акритикеи рыҿиараҟны злагаламҭа дуӡӡоу, ҳхатәы бызшәа иаҵоу абеиара, аԥшӡара аихаҳара зылшаз ҵараҩуп.Мушьни Лашәриа аԥсуа ажәа аҳәаақәа рырҭбаара илшеит иара убас иреиӷьу аурыси аҳәаанырцәтәии алитература аиҭагарала. Уи иеиҭагамҭақәа рыҩныҵҟа иҟоуп: Александр Пушкин ироман "Евгени Онегин", Михаил Лермонтов ипоема, Ацқьаҩыра "Ауасиаҭ ҿыц". Аԥсуа жәлар рҵеи иаша, зыжәлар рдоуҳа абеиара зцыз, рҿахәы зҳәоз, зеиӷьыҟам аԥҵамҭақәа аҭоурых иазынзыжьыз Мушьни Таииа-иԥа Лашәриа игәалашәара лаша наунагӡа иҳацзаауеит".
Амҽыша, 29 Цәыббра 2024 10:46
Никарагуа Ареспублика Ахада Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш идиныҳәалеит
Никарагуа Ареспублика Ахада Даниель Ортега Сааведреи Ахада Ихаҭыԥуаҩ Росарио Мурильои Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш идырныҳәалеит.Адныҳәаларатә текст аҟны иҳәоуп:«Акыр иаԥсоу Иҳашьоу, Ахада,Никарагуа Ареспбулика Ажәлари Аинаалареи Амилаҭтә Акреи Реиҳабыреи рыхьӡала, хаҭала ҳара ҳахьӡала гәык-ԥсык ала Шәаргьы, Ажәларгьы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабырагьы ирыдыаҳныҳәалоит цәыббрамза 30 рзы иазгәашәҭо Аиааиреи Ахьыԥшымреи 31 шықәса рхыҵра амш. Лыԥха змоу, зхы иақәиҭу Никарагуантә Аԥсны жәлар рхатәҳәаақәҵареи рмилаҭтә хақәиҭреи рзы рықәԥараҟны рфырхаҵареи ргәымшәареи ргәаларшәо, Аиааиреи Ахьыԥшымреи 31 шықәса рхыҵра амш аҽны ари аныҳәа азгәаҭараҟны ҳаргьы ҳшәыдгылоит.Ҳара даҽазныкгьы ишьақәырӷәӷәо, иаҳҳәарц ҳҭахуп наҟ-ааҟ ҳажәларқәеи Ҳаиҳабыреи еидызкыло хьаҳәа-ԥаҳәарада ҭоурыхла иҳабжьоу аиашьареи аиҩызареи аԥхьаҟагьы аҿиара шроууа.Акыр иаԥсоу Ҳашьа, никарагуатәи ажәлар ирашьоу Аԥсны жәлар ҳаҭырла ишырзыҟоу азгәаҭо, иашьаҵас шәгәыдаҳкылоит».
Ашәахьа, 30 Цәыббра 2024 10:44
Ареспублика Башкорҭасҭан Ахада М. Хабиров Аслан Бжьаниа Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымш идиныҳәалеит
Ҟабарда Болкариа Ареспублика Ахада М. Хабиров Аслан Бжьаниа Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымш идиныҳәалеит.Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:"Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иҧа!Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымш.Аҭоурыхтә ҵакы змоу ари амш аҽны Аҟәа ақалақь ахы иақәиҭтәын, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьрагьы хыркәшан. Урҭ ашықәсқәа рзы урыстәылатәи арегионқәа рахьтә аԥхьа аиашьара уны ишәыдгылаз ируаӡәкуп ҳара ҳреспублика. Аҵак ду амоуп иахьа иҳабжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа есааира аг әӷәахара иахьаҿу, ганрацәалатәи аусеицура аҽарҭбаауеит иҿыцу апроектқәа рыла, аус бзиақәа рыла.Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иҧа, Шәаргьы Аԥсны жәлар зегьы ирзеиӷьасшьоит агәабзиара, аҭынчра, аихьӡарақәа, аизҳазыӷьара!".
Ашәахьа, 30 Цәыббра 2024 10:42
Ахада Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымш идиныҳәалеит Ҟабарда- Балкариатәи Ареспублика Ахада К. Коков
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымш идиныҳәалеит Ҟабарда- Балкариатәи Ареспублика Ахада К. Коков.Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:"Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иҧа!Гәык-ҧсыкала Шәаргьы аҧсуа жәларгьы ирыдысныҳәалоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахьыҧшымра амш! Ари аныҳәа символра ауеит аҧсуа жәлар рыгәаӷьра, рфырхаҵара, зинтә шьаҭала ахақәиҭреи асуверенитети рыхьчара.Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы аҳәынҭқаррра аргылара аус аҟны, асоциал- економика, акультура аҿиара аусхкқәа рыҟны акыр аихьӡарақәа аарҧшуп.Аҧсҭазаара ахырхарҭақәа зегьы рҟны аиҭакра бзиақәа ыҟоуп. Есышықәса ақалақьқәеи анхарҭақәеи рхаҿра рҿыцуп, аҿиарамҩа иануп асоциалтә, атранспорттә, атуристтә инфраструктура, ауааҧсыра рыбзазара акыр еиӷьхеит.Ҳарҭ ҳаигәырӷьоит Аҧсны иамоу ақәҿиарақәа, аҧхьаҟагьы ҳаиҩызара арӷәӷәара, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аусеицзура ҳазхиоуп".
Ахаша, 02 Жьҭаара 2024 10:38
Гәымба Р.М. "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩы" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵаразы Аусԥҟа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Гәымба Р.М. "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩы" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.Аусԥҟа атекст аҟны иҳәоуп:"Амузыкатә ҟазареи акинематографиеи рыҿиараҟны илагаламҭазы "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҟазара зҽаԥсазтәыз" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵазааит Гәымба Рустам Мирон-иԥа"
Ахаша, 02 Жьҭаара 2024 10:38
Кәакәасқьыр Ҭ.В. "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩы" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵаразы Аусԥҟа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Кәакәасқьыр Ҭ. В. "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩы" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.Аусԥҟа атекст аҟны иҳәоуп:"Акультуреи аҟазареи русхк аҟны илшамҭақәа рзы "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩы" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵазааит Кәакәасқьыр Ҭемраз Валери-иԥа"
Асабша, 05 Жьҭаара 2024 10:38
Аслан Бжьаниа Ачечен Республика ахада Рамзан Кадыров Иира амш идиныҳәалеит
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ачечен Республика ахада Рамзан Кадыров Иира амш идиныҳәалеит.Адныҳәаларатә текст аҟны иҳәоуп:"Ҳаҭыр зқәу Рамзан Аҳмаҭ-иԥа!Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш!Шәара Ачечен Республикеи Урыстәылеи хамеигӡарак ҟамҵакәа рымаҵ жәуеит, ари аҳаҭыр ду шәаԥсаны шәҟарҵоит. Шәара шәнапхгара иабзоураны Ачечен Республика аихьӡара дуқәа шамоу атәы уи анҭыҵгьы ирбоит. Аԥсуа жәлари ачечен жәлари азеиԥш ҭоурыхи аидгылареи шьаҭас измоу аиашьара рыбжьоуп. Ҳара иаҳхашҭӡом Чечентәылантәи хатәгәаԥхарала иааны Аԥсны ахақәиҭтәразы ақәԥараҟны ҳаибашьцәа иарӷьажәҩаны ирыдгылаз.Ҳаҭыр зқәу Рамзан Аҳмаҭ-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ахирра, аихьӡарақәа аҭакԥхықәра зцу шәусураҟны. Еизҳазыӷьалааит шәыҩнаҭеиԥш, ачечен жәлар зегьы."
Асабша, 05 Жьҭаара 2024 10:37
Аслан Бжьаниа Мураҭ Кумпилов Адыгеиа Ареспублика аԥҵара амш идиныҳәалеит
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Адыгеиа Ареспублика ахада Мураҭ Кумпилов Адыгеиа Ареспублика аԥҵара амш идиныҳәалеитАҳәынҭқарра Ахада аиашьаратә республика ахадеи уи ажәлари ирзеиӷьеишьеит аҭынчреи аизҳазыӷьареи. Аслан Бжьаниеи Мураҭ Кумпилови Аԥсни Адыгеиеи еиуеиԥшым аусхкқәа рыҟны русеицура иазку азҵаарақәа ирылацәажәеит.
More...
Аԥшьаша, 31 Жьҭаара 2024 10:37
Аслан Бжьаниа Едуард Кокоиты ииубилеи идиныҳәалеит
Аслан Бжьаниа Алада Уаԥстәыла Ареспублика аҩбатәи ахада Едуард Кокоиты 60 шықәса ихыҵра аиубилеи идиныҳәалеит.Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иазгәаҭоуп: "Ҳаҭыр зқәу Едуард Џьаба-иԥа! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи! Шәара алада-уаԥстәылатәи аҳәынҭқарра ашьақәгылареи аҿиареи рыҟны зылшамҭақәа рацәоу, еицырдыруа аҳәынҭқарратә аполитикатә усзуҩуп.Шәара Аԥсны ҳаҭырла ишәзыҟоуп. Аԥсны Аҳәынҭқарреи Алада Уаԥстәыла Ареспубликеи рхьыԥшымра азхаҵара аԥхьа шәызнысыз амҩаҟны шәыжәҩахыр еибыҭаны шәеидгылан Сергеи Багаԥшьи Шәареи. Шәара ишәыбжьаз хаҭалатәи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ҳажәларқәа риашьаратә еимадарақәа рырӷәӷәара иацхраауан. Иахьа Шәара ҳтәылаҟны имҩаԥысуа ахҭысқәа азҿлымҳара ду ашәҭоит, ганрацәала адгылара ҟашәҵоит, Аԥсны ҩызара ду азыжәуеит. Ҳаҭыр зқәу Едуард Џьабе-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ашықәс рацәа ишәзааигәоу шәҭынхацәа рыбжьара. Аԥхьаҟагьы шәыԥсҭазаара хҭыс бзиала иҭәызааит!"
Ашәахьа, 11 Абҵара 2024 10:34
Аслан Бжьаниа апрофессор Џьорџь Хиуитт ииубилеи идиныҳәалеит
75 шықәса ихыҵит Англыз ҵарауаҩ, кавказтәи абызшәақәа рыҭҵааҩы, Аҧсны Аҳәынҭқарра Британиа ду аҟны аҳаҭыртә хаҭарнакс иҟоу, Ахьӡ –Аҧша аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу. апрофессор Џьорџь Хиуитт.Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа аҵарауаҩ ииубилеи идиныҳәалеит. Адныҳәалартә шәҟәаҿы иаҳәоит:Ҳаҭыр зқәу апрофессор Џьорџь Хиуитт!Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит 75 шықәса шәхыҵра.Ахә ашьара уадаҩуп аԥсуа бызшәа аҭҵаареи уи аӡыргареи рзы Шәара ишәбахьоу аџьабаа. Ааԥсарак шәықәымкәан Аԥсны иашәҭо адгылареи ацхыраареи ирыбзоураны ишәырҳаит аԥсуа жәлар ргәыбылра.Ҳаԥсадгьыл ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы иуадаҩӡаз аамҭақәа рзы Шәара ишәылшәыршаз рацәоуп Аԥсны имҩаԥысуаз ахҭысқәа рзы аиаша адунеи аларҵәара аус аҿы. Уи азы лымкаала ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит.Ҳаҭыр зқәу Џьорџь Хиуитт, ишәзеиӷьысшьоит агәабзиара, ҭаацәаныла аманшәалара, шәнапы злакыу аусқәа рҿы аихьӡарақәа.Ҳаҭырла,Аԥсны Аҳәынҭқарра АхадаА. Г. Бжьаниа
Ашәахьа, 25 Абҵара 2024 10:34
Аԥсны Ахада ин. н. Бадра Гәынба Боливариантәи Ареспублика Венесуела Ахада Николас Мадуро иирамш идиныҳәалеит
Аԥсны Ахада ин. н. Бадра Гәынба Боливариантәи Ареспублика Венесуела Ахада Николас Мадуро иирамш идиныҳәалеит.Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:«Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш! Шәара шәырдыруеит аԥышәа змоу аполитик, амилаҭтә интересқәа рыхьчареи Боливариантәи Ареспублика Венесуела жәларбжьаратәи аренаҟны апозициақәа рырӷәӷәареи рыҟны зхы иамеигӡо аҳәынҭқрратә усзуҩы иаҳасабала.Ҳара ҳзы аҵак ду амоуп ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара ишьақәгылаз аидгыларатәи аиашьаратәи еизыҟазаашьақәа. Ахә ашьара уадаҩуп аԥсны-венесуелатәи астратегиатә усеицураҟны Шәара хаҭала шәлагаламҭа.Ҳгәы иаанагоит аиҩызара зыбжьоу ҳажәларқәа рыхьӡала аԥхьаҟагьы ҩ-ганктәи ҳусеицура есааира иазҳалап ҳәа.Ҳаҭыр зқәу Николас Мадуро, Шәхацкы, ари аҭагылазаашьа бзиа схы иархәаны ҳаҭыр ду шшәықәысҵо азгәаҭаны, ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп агәабзиара, агәамч, аихьӡарақәа аҳәынҭқарратә усураҿы».
Амҽыша, 01 Ԥхынҷкәын 2024 10:32
Имҩаԥысит Аԥсны Ахада ин.н. Гәынба Бадреи Шьамтәыла Ахада Башар Аль-Асади ҭелла реицәажәара
Имҩаԥысит Аԥсны Ахада ин.н. Гәынба Бадреи Шьамтәылатәи Арабтә Республика Ахада Башар Аль-Асади ҭелла реицәажәара. Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала иара ихьӡала Гәынба Бадра иҳәеит еидгылоу мраҭашәараа рыцхыраарала жәларбжьаратәи атеррористцәа еиҭа Шьамтәыла ражәлара инамаданы ажәлари анапхгареи адгылара шриҭо атәы."Ҳара шәтәылаҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа ртәы ҳаҳауеит, ииашаны ақәԥаразы игылаз Шәара напхгара зышәҭо шәыжәлар ҳрыдгылоит. Шьамтәылатәи ажәлар ҳара иаҳзааигәоу аишьара ҳзызуа жәларуп», - иҳәеит Гәынба Бадра. "Сара агәра згоит Шьамтәыла ажәлар зегьы аӡәк еиԥш ишшәыдгыло аҳәынҭқарра аиқәырхаразы. Шәаргьы, шәаб еиԥш, шәыԥсҭазаара Шьамтәылатәи Арабтә Республика, Шьамтәыла ажәлар, атәылаҿы аҭышәынтәалара аиқәырхара иазышәкит», - иаҵшьны иҳәеит Ахада ин.н. Гәынба Бадра. Уи иҳәеит «Шьамтәыла ажәлари, Урыстәыла дуӡӡеи рыбзоуарала Шьамтәылан хара имгакәа аҭынчра шьақәгылоит» ҳәа агәра шиго. Ахада ин.н. шьамтәылатәи иколлега иеиҳәеит Шьамтәыла иҟоу ҳацҳаражәҳәарҭа ала Шьамтәыла инхо ҳџьынџьуаа рышҟа ихы рханы аҳәара шыҟаиҵаз зҳәынҭқарра ахьчаразы игылаз ажәлар напхгара рызҭо Шьамтәыла ахада адгылара ирҭарц, аиаша иадгыларц азы. Шьамтәыла Ахада Бадра Гәынба иҭабуп ҳәа иеиҳәеит иҟаиҵо адгыларазы. "Иҭабуп даара аҵак ду змоу шәажәақәа рзы. Сара сзы даара акраҵанакуеит аҭел шәахьысзасыз. Абри аҩыза имариам аҭагылазаашьаҟны аҩызцәа рыцхыраара - Урыстәыла, Аҧсны, Иран уҳәа егьырҭг атәылақәа рыҟнытә ҷыдала ахә аманы исыԥхьаӡоит»,- иҳәеит Башар Асад.«Атәылақәа жәпакы шәара ианшәықәыӷәӷәоз, ҳарҭ ҳшәыдгылеит, избанзар еилаҳкаауан шәара шәыдгьыл аҟны аԥшәымара шыжәуа, аиаша шәара шәган аҟны ишыҟоу. Абри ауп иахьа мзызс иамоу шәара иҟашәҵо адгыларагьы», - иҳәеит Шьамтәыла Ахада. Асад иажәақәа рыла, ажәларқәа реиҩызара аламыси апринципқәеи рҟынтә иаауеит. «Мраҭашәара иҟаӡам урҭ апринципқәеи аламыси. Урыстәыла мраҭашәара ахаангьы агрессиала иазныҟәаӡомызт, аха дара еснагь Урыстәыла иаҿагылоуп, иабашьуеит», - иҳәеит иаҵшьны Асад. Шьамтәылатәи Ахада иажәақәа рыла, иахьа абас еиԥш ақәылара ҟазҵаз ажәлар хьаас ирымаӡам. «Дара мраҭашәаратәи аҷыдамаҵзурақәа ирхаҭарнакцәоуп. Ари терроруп, Москва Норд-Ост, Беслан ашкол, Кроку-сити аҟны аҭыҧ змаз, гәымбылџьбарала ауаа ахьыршьуаз имҩаԥыргоз ахаҭоуп»,- иҳәеит Шьамтәыла Ахада. Урҭ амораль рымаӡам, аиҿцәажәара аҭахуп ҳәа рыздырам, рыцҳарас иҟоу, амч ауп ирдыруа, убри аҟнытә ҳара хамеигӡарада ҳарҿагылоит ҳтәылеи ҳажәлари рыхьчаразы,- иҳәеит Асад.Шьамтәыла Ахада Гәынба Бадреи Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩи иҭабуп ҳәа реиҳәеит атәыла анапхгара адгыларазы иҟарҵаз ааԥхьаразы. Шәара шәашьцәа ҳтәыла ахақәиҭразы ашьа карҭәеит, урҭ патриотцәа дуқәоуп, Шьамтәылан ҳаҭыр зқәу тәылауаауп», - иҳәеит Асад. .Шьамтәыла Ахада ицәжәараҿы иазгәеиҭеит цхыраарак рҭаххар, хымԥада, Аԥсныҟа адырра шыҟаиҵо азы. Аԥсны Ахада ин.н. Гәынба Бадреи Шьамтәыла Ахада Башар Асади аимадара шрыбжьазаауа еибырҳәеит.