АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Аҩаша, 11 Абҵара 2025 18:44

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аекспертцәа алархәны ақыҭа аиқәырхареи арҿиареи рызҵаарақәа дрылацәажәеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Дамениа Олег директорс дызмоу Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аҵарауаа алархәны аиԥылара мҩаԥигеит.

Аилацәажәараҟны тем хадас иқәгылан аԥсуа қыҭа аиқәырхареи арҿиареи ирызкыз азҵаарақәа. Аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иҳәеит амилаҭ, абызшәа, амилаҭтә культура, ахатә хаҿра аиқәырхара шалымшо ақыҭа аиҭеиреи арӷәӷәареи рыда.  

«Ақыта — ҳдоуҳамч хыҵхырҭас иамоуп, ҳатрадициақәа еиқәханы иахьыҟоу, рыԥсы ахьҭоу ауп. Ажәлари аҳәынҭқарреи еиқәҳархарц ҳҭахызар, ақыҭа арӷәӷәарала ҳалагароуп», — иазгәеиҭеит Ахада.

 

Гәынба Бадра иаҵшьны иҳәеит аиҳабыра аҭҵаарадырратә уаажәларра аус рыцура ишазхиоу, аексперттә гәаанагара иқәныҟәар шырҭаху, аекономика арҿиареи ҳтәылауаа рҭагылазаашьа аиӷьтәреи ирзынархоу алҵшәақәа рхархәара ишашьҭоу.   

Аиԥылараан Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр адиректор Дамениа Олеги аусбарҭа аусзуҩцәеи аҳәынҭқарра Ахада иҟны инаргеит аналитикатәи адәынтәи аҭҵаарақәа шьаҭас измоу апроектқәа жәпакы. Аекспертцәа ражәақәа рыла, аԥшьгарақәа рыхәҭак нагӡазар алшоит хара имгакәа. 

Аилацәажәара аихшьалақәа рыла иӡбан ақыҭа арҿиара иазку аԥышәаратә проектқәа азырхианы рцәыргара.

Ахада иазгәеиҭеит арҭ апроектқәа рынагӡарала ақыҭауаа рхыԥхьаӡара аизырҳара шалыршахо, анхацәа рыбзазаратә ҭагылазаашьа шеиӷьхо. Ас еиԥш иҟоу апрограммақәа адгылара шрыҭахо, атәылаҟны егьырҭ ақыҭақәа рыҟны ишрыларҵәахо.

Read 7 times
aps25