АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахаша, 12 Абҵара 2025 17:00

Ахада Ареспубликатә хәышәтәырҭаҟны ахәцәа дырҭааит

▫️

 

▫️ Аҳәынҭқарра Ахада апалатақәеи ареанимациа аҟәшеи дырҭааит, ааха зауыз рҭынхацәа драцәажәеит, изықәшәаз арыцҳара игәы ишалсыз ҳәаны, ахцәа агәабзиара рзеиӷьеишьеит. 

 

▫️ Агәабзиарахьчара аминистр Быҭәба Едуарди Ареспубликатә хәышәтәырҭа Аҳақьым хада Хаҭхәа Ерики Ахада адырра ирҭеит ихәу рҭагылазаашьеи урҭ рыхәышәтәра шымҩаԥысуеи рзы.  Ахәцәа ианаамҭаз ацхыраара рыҭан.   

▫️ Ахада Агәабзиарахьчара аминистри Ареспубликатә хәышәтәырҭа Аҳақьым хадеи драцәажәеит, иҳәеит ахәцәа рҭагылазаашьа иалнаршозар, аҳақьымцәа урҭ Аԥсны анҭыҵҟа ргаразы азин ҟарҵар, урыстәылатәи аколлегацәа рышҟа аҳәара шыҟаиҵо аԥхьаҟатәи рыхәышәтәразы изыхәҭоу ацхыраара ҟарҵарц.   

 

▫️ «Уажәы ихадароу – ҳауаажәлар лассы ргәабзиара аиҭашьақәыргылароуп. Аҳақьымцәа ирылшо зегь ҟарҵоит. Ҳара ҳганахьала иаҭаху ацхыраара иацҵаны иҟаҳҵалоит», — иазгәеиҭеит Гәынба Бадра.

 

▫️ Ахада иара убас иаҵшьны иазгәеиҭеит ари ацәгьоура бааԥс ҟазҵаз ацәгьоуцәа шаанкылахо,иагьшахьырхәо.

 

▫️ «Ацәгьара зуыз иҟарҵаз ацәгьара бааԥс анаҩсгьы, аԥсуа ҵасқәа зегьы еиларгеит», — иҳәеит Гәынба Бадра.

  
 

 

Read 5 times Last modified on Ахаша, 12 Абҵара 2025 17:07
aps25