АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Аԥшьаша, 13 Абҵара 2025 18:23

Аҳәынҭқарра Ахада Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә комедиатә театр 70 шықәса ахыҵра инамаданы атеатр аколлектив дрыдныҳәалеит

Шәарах Ҧачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә комедиатә театр аҧҵоижьҭеи 70 шықәса ҵит. Арҿиаратә коллектив аиубилеи рыдиныҳәалеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра ▫️ Адныҳәаларатә шәҟәаҿы иҳәоуп: ▫️ «Ҳаҭыр зқәу Шә. А. Ҧачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә комедиатә театр аколлектив! ▫️ Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит шәтеатр аҧҵоижьҭеи 70 шықәса аҵра! ▫️ 1955 шықәса рзы иаартыз Тҟәарчалтәи жәлар рытеатр иалнаршаз рацәоуп аҧсуа милаҭтә культура аӡыргаразы. Аусра анхацыркыз инаркны иаразнак хадара злоу культуратә хәышҭаараны иҟалеит ашахтиортә қалақь иаланхоз ауааҧсыра рзы. ▫️ Атеатр ахәаҧшцәа ирыднагалон ҟазарала иқәыргылаз аҧсуа драматургцәеи Урыстәылеи, егьырҭ атәылақәеи рыклассикцәеи рҩымҭақәа ирылхыз аспектакльқәа. ▫️ Еиуеиҧшым аамҭақәа рзы Тҟәарчалтәи атеатр аҿы аус руан еицырдыруа Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр актиорцәа. ▫️ Лымкаала хшыҩзышьҭра аҭатәуп Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы ари акультура ахәышҭаара аусура. Атеатр аиҭашьақәыргылара аблокада ӷәӷәа зхызгаз Ақалақь-Фырхаҵа Тҟәарчал аиҭаира асимвол хадақәа ируакхеит. СССР Жәлар рартист Шәарах Ҧачалиа напхгара зиҭоз акомедиа атеатр гәышьҭыхганы иҟалеит имариамыз аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы. ▫️ Аҧсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба иусҧҟала Тҟәарчалтәи атеатр иахҵан аҳәынҭқарратә статус. ▫️ Аҽхәаҧхьыӡ иаҧсоуп атеатр ҳаамҭазтәи аусураҿы иалнахыз аҟазшьа ҷыда - аҧсуа қыҭақәа рҭаара. Хымҧада, атеатртә ҟазара ауааҧсыра, аиҳаракгьы аҿар радҧхьаларазы ари ус дууп. ▫️ Акыр иаҧсоу Тҟәарчалтәи атеатр иахьатәи актиорцәа, еиуеиҧшым аамҭақәа рзы ара аус зуаз, ишәзеиӷьысшьоит агәабзиара, аманшәалара, шәнапы злаку арҿиара аус аҿы аихьӡара дуқәа! ▫️ Ахәаҧшыҩцәа рыбзиабара еснагь ишәыцзааит. Ҽааныбзиала шәнеиааит!»
Read 5 times
aps25