АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Аҩаша, 18 Абҵара 2025 12:39

Ахада хатәгәаԥхаралтәи аибашьҩы Хуан Карлос Вальдес Бзыԥ аҳаблаҟны иԥсыжра даҭааит

 

▪️ Аҳәынҭқарра Ахада иҭахаз аибашьҩы иуацәеи иҭынхацәеи гәалсрыла дрыдышшылеит. Хуан Карлос Вальдес ифырхаҵареи ихамеиӡареи азгәаҭаны, иаҵшьны иҳәеит аибашьҩы ифырхаҵара апатриотизм иашазы ҿырԥшыганы ишыҟало, ихьӡ кашәара шақәым.

 

▪️Хатәгәаԥхаралатәи аибашьҩы ИАО аҽалархәразы дцеит ҵыԥх жьҭаарамзазы. Хабарда дыбжьаӡит хәажәкырамза 27 рзы, иԥсыбаҩ Ӡержински ақ. амҵан абҵарамза 11 рзы. 

 

▪️ Уи аԥхьа, абҵарамза 13 рзы Аԥсны Ахада Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьҩы аветеран аиҿкаара «Аруаа» иреиҳаӡоу ахеилак алахәҩы Кәыҵниа Дамеи иԥсыжраҿы иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит.

 

▪️ Кәыҵниа Дамеи ихәыз аибашьҩы аибашьра адәы дықәганы дшааигоз ахы иқәшәан дҭахеит. 

Read 1 times
aps25