▫️ Гагра ақалақь аҟны ӡыла аиқәыршәара иазку аобиектқәа реиҭашьақәыргыларазы арҽеиратә усурақәа мҩаԥысуеит. Арҿыцратә усура 2000-и 4000-и кубтә метра зкуа аӡымҩангагатә мкьаҭқәа ҩба рыҟны имҩаԥысуеит.
▫️ Аусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны араион иаҭааз Ахада аусурақәа шымҩаԥысуа азы адырра ииҭеит Шьаҭанкылатәи аргылара аусбарҭа аиҳабы Гамсаниа Демир.
▫️«Ҳазҭагылоу аамҭазы аусурақәа мҩаԥысуеит аӡыржәтә амҽхак аизырҳареи Гагра ақалақь ӡыла аиқәыршәареи рзы аӡҭыгагатә станциақәеи амкьаҭқәеи шьаҭанкыла реиҭашьақәыргыларазы.
▫️ Иахьа уадаҩрас иҟоу ақалақь ӡыла аиқәыршәара злалыршахо аӡҭыгагақәа Репруа аӡиас аҟнытә иҭырго аӡы мацаралоуп.
▫️ Иҟоу аӡеизакырҭатә мкьаҭ иахьа аҭагылазаашьа уашәшәыроуп, иара иҭаӡоит 3000 кубтә метра.
▫️ Арҽеиратә усурақәа рымҩаԥгара анаҩс аӡеизакыра амч ҩынтә, хынтә раҟара ацҵара ҳалшоит», — иҳәеит Шьаҭанкылатәи аргылара аусбарҭа аиҳабы Гамсаниа Демир.