АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Аҩаша, 18 Абҵара 2025 13:17

Аԥсны Ахада Иусԥҟа ала Кәыҵниа Дамеи иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь ианашьоуп Агәымшәаразы аорден

▫️ Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟа ала Урыстәылатәи Афедерациа Донецктәи Жәлартә Республика аҵакырадгьыл аҟны Иҷыдоу арратә операциа ахьымҩаԥысуа аҭыԥ аҟны ахәцәа ралгаразы иааирԥшыз афырхаҵареи ахамеигӡареи рзы Кәыҵниа Дамеи иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь ианашьоуп Агәымшәаразы аорден.

 
Read 2 times
aps25