.
▫️ Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Гагра араион ахь иусуратә ныҟәарақәа раан 12 км ахьыбжьоу амҩа ду аҟны аусурақәа рымҩаԥысшьа дахәаԥшны ибеит.
▫️ Шьаҭанкылатәи аргылара аусбарҭа аиҳабы Гамсаниа Демир Ахада адырра ииҭеит "Ԥсоу – Егры" амҩа ду аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ишрымҽханакуа иазԥхьагәаҭоу иуашәшәыроу аҭыԥқәа 15, аусурақәа Аинвестпрограммала ишымҩаԥысуа.
▫️ Уи иҳәеит аусурақәа хықәкы хаданы ишрымоу абарҭ аҭыԥқәа рыҟны аныҟәара ашәарҭадара алыршареи иҳәазо аҭыԥқәа аҵыргәатә ҭыӡқәа рыла рырӷәӷәареи.
▫️Ҳазҭыгылоу аамҭазы 9-тәии 15-тәии км -қәа рыҟны ишьҭыхуп аҵыргәатә ҭыӡқәа 10.
▫️ Ахада иаҵшьны иҳәеит ари амҩа ду иамоу аҵакы Урыстәылеи Аԥсни реимадаразы.
▫️ «Ари амҩа заҵәык ауп — ҳара ҳгәылара иҟоу аҳәынҭқаррақәеи ҳареи ҳаимаздо. Ари амҩа иамоу аҵакы еилкаауп, убри аҟнытә излауала арҿыцратә усурақәа ырццактәуп», — иҳәеит Ахада.