▫️ Шьаҭанкылатәи аргылара аусбарҭа аиҳабы Гамсаниа Демир иажәақәа рыла ари аиҵастанциа араион аҟны иҟақәоу иреиҳау иаҵанакуеит, иара аусура фымцала аиқәыршәаразы астратегиатә ҵакы амоуп.
▫️ Аргылара аусбарҭа аиҳабы ишиҳәаз ала, арҽеиратә усурақәа рымҩаԥгара иалагаанӡа аиҵастанциа амчхара иартәон 20 МВт. Шьаҭанкылатәи арҿыцра анымҩаԥгаха анаҩс астанциа амчхара иазҳаит 40 мегаватт рҟынӡа.
▫️ «Трансформаторк шьақәҳаргылахьеит, хара имгакәа аҩбатәигьы ааҳхәараны ҳаҟоуп. Абасала азеиԥш мчхара 80 МВт рҟынӡа иҟалоит», — иҳәеит Гамсаниа Дамир.
▫️ Уи иацҵаны иҳәеит ари аизырҳара имаҷуи ибжьаратәуи абизнес аобиектқәа ралархәразы алшара шаԥнаҵо.
▫️ Ахада «Амшынеиқәафымцамч» анаплакы анапхгара рҿаԥхьа уснагӡатәны иқәиргылеит амҩа хада арлашаразы азҵаара аӡбара.
▫️ Аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иҳәеит амҩаҟны аныҟәараан ашәарҭадара алыршаразы акырӡа шаҵанакуа.
▫️ «Излауала, хара имгакәа ари ауснагӡатә аӡбара напы ашәыркыроуп», — ҳәа адҵа ҟаиҵеит Гәынба Бадра.