АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Аҩаша, 18 Абҵара 2025 17:02

Ахада Гәдоуҭа араион аҟны Ҟәланырхәа ақыҭа даҭааит

 

▫️ Аҳәынҭқарра Ахада Даур Ахьиба ихьӡ зху аҩбатәи абжьаратәи ашкол ахыб арҿыцразы имҩаԥгоу аусурақәа дрыхәаԥшны ибеит.

▫️ Ари аԥхьа ашкол ахыбра закәандарала априватизациа азуын.  Гагра араион администрациа иабзоураны аҳәынҭқарратә хатәтәрахьы ирхынҳәын.   

 

иаҵшьны иазгәеиҭеит Гагра араион анапхгара ашкол аҳәынҭқарратә хатәтәрахьы архынҳәразы иаднакылаз азыӡба аҵакы, уи иашаны ишыҟаҵаз ҳәаны.

 

 Ахада иҟаиҵаз анапынҵала, шьаҭанкылатәи аргыларазы аусбарҭа 1600 ԥшьыркца метра рҟынӡа зымҽхазкуаз ахыб ԥсахра иазкыз аусурақәа мҩаԥнагеит.

 

▫️ Ашкол аҟны аҵара рҵоит 18-ҩык аҵаҩцәа, иҟоуп аклассқәа 6.  

 

▫️ Ашкол адиректор илҳәеит ақыҭа иалҵыз аишьцәа Шьониаа асахьаҭыхратә студиа арҿыцраҟны ацхыраара шыҟарҵаз.

 

▫️ Ари узҿыԥшыша акоуп ҳәа азгәеиҭеит Ахада.   

 

▫️ «Ас еиԥш иҟоу аусурақәа мҩаԥызгаша аҳәынҭқарра ауп, аха уи ақыҭа иалҵыз ауаа рхы аналадырхәуа, гәахәароуп иагьгәадуроуп», — иҳәеит Ахада.

 

▫️ Ахада аргыларатә усбарҭа аиҳабы инапы ианиҵеит ашкол аҟны аԥсуа бызшәа акабинет иахымгакәа арҿыцра. 

 

▫️ Ҟәланырхәа ақыҭаҟны иҟоуп ашколқәа ҩба.

 

▫️ Анаҩс аҳәынҭқарра Ахада дахәаԥшны ибеит 300 ҭаацәара ахьынхо ақыҭаҟны амҩа хада ахьҳәазаз аҭыԥ.  

 

▫️ Иазгәаҭан амҩа зынӡа абгаразы ашәарҭа шыҟоугьы  

 

▫️Ахада аргыларатә усбарҭа анапы ианиҵеит аҭагылазаашьа ҭҵааны амҩа зегьы аиҭашьақәыргыларазы ажәалагалақәа рзырхиара. 

 

 
Read 2 times
aps25