АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Аҩаша, 18 Абҵара 2025 17:27

Гәынба Бадра Абгархықә ақыҭа абжьаратәи ашкол даҭааит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Абгархықә ақыҭа абжьаратәи ашкол даҭааит имҩаԥысуа арҿыцратә усурақәа ргәаҭаразы.  ▫️ Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵала Шьаҭанкылатәи аргыларатә усбарҭа 1900 ԥшьыркца метра рҟынӡа ахыб аԥсахразы аусурақәа мҩаԥнагоит. Ҳазҭагылоу аамҭазы иԥсахуп 1400 ԥшьыркца метра рҟынӡа.  ▫️ Шьаҭанкылатәи аргыларатә усбарҭа аиҳабы Гамсаниа Демир иҳәеит аусурақәа амчыбжь иалагӡаны ишхыркәшахо. ▫️ Аҳәынҭқарра Ахада аргыларатә усбарҭа аиҳабы иирбеит уадақәак рыҟны аҭыӡқәа ирымоу аԥакәи. ▫️ Ахада иаҵшьны иҳәеит ахәыҷқәа ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа ргәабзиара ишазеицәоу, хара имгакәа ари ари азҵаара аӡбара шаҭаху. ▫️ Ашкол аҟны иара убас 30 инареиҳаны ԥенџьыр ԥсахуп. ▫️ Ахада арҵаҩратә коллектив ирылеиҳәеит иааиуа амчыбжь азы ашкол иҿыцу ашколтә автобус шаиуа.  
Read 4 times Last modified on Аҩаша, 18 Абҵара 2025 17:44
aps25