АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахаша, 31 Ԥхынҷкәын 2025 11:14

Владимир Путин Бадра Гәынба Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи идиныҳәалеит

▫️  Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи идиныҳәалеит.   ▫️ Адныҳәалараҿы, ҷыдала, иҳәоуп:   ▫ ️ "Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа,   ▫️ Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Ашықәс ҿыци Иаса Қьырса Иира аныҳәа лашеи.   ▫ ️ Ииасуа ашықәс азы Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аидгылареи астратегиатә усеицуреи реизыҟазаашьақәа қәҿиарала рыҿи ара мҩаԥысуан. Хәажәкырамзеи лаҵарамзеи рзы Москва ҳаиԥыларақәа акыр ихәарҭан, иалдыршеит ҳусеицураҿы еицыҳзыфеидоу  ахырхарҭа ҿыцқәа разгәаҭара.   ▫ ️ Ҳаргьы, ҳәарада, иконструктивтәу ҳусеицура иацаҳҵоит — урыстәылатәии аԥснытәии ажәларқәа реизҳазыӷьаразы, арегионалтә шәарҭадареи аҭышәынтәалареи ралыршаразы.   ▫️ Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа, Шәара аԥхьа шәнаргыланы, ишәзааигәоу шәҭынхацәагьы Шәаргьы ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ахирра, ақәҿиарақәа, Аԥсны иқәынхо ауааԥсыра зегьы – анасыԥи аизҳазыӷьареи».
Read 18 times
aps25