Ахаша, 31 Ԥхынҷкәын 2025 14:17
Дмитри Медведев Гәынба Бадра Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи идиныҳәалеит
Урыстәыла Ашәарҭадара Ахеилак Ахантәаҩы Ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев Аԥсны Ахада Гәынба Бадра Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи идиныҳәалеит.
▫️ Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
▫️ « Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа,
▫️ Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи!
▫️ Москвеи Аҟәеи реиҩызареи реигәылареи ҭоурыхла здац-ԥашә ӷәӷәоу апринципқәа рыла иеибаркуп. 2025 ш. рзы уи ҳара алшара ҳнаҭеит аполитикатә еиҿцәажәара ааиқәырхара, азеиԥш ԥшьгарақәа қәҿиарала рынагӡара. Агәра згоит, урыстәыла-аԥснытәи ганрацәалатәи аусеицура аԥхьаҟагьы қәҿиарала аҿиара шаиуа, ҳаиашьаратә жәларқәа реизҳазыӷьареи Нхыҵкавказ ашәарҭадара ауси рыҟны акрызҵазкуа рлагаламҭа аарԥшуа.
▫️ Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит, агәабзиара, анасыԥ, аихьӡара ҿыцқәа, Аԥсны иқәынхо атәылауаа зегьы - аҭынчреи аизҳазыӷьареи".
Икьыԥхьуп
Новости