АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахаша, 31 Ԥхынҷкәын 2025 16:31

Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ахантәаҩы Михаил Мишустин Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Ашықәс ҿыци Иаса Қьырса Иира Амши идиныҳәалеит

.

 

▫️ Адныҳәалараҿы иҳәоуп:

 

▫ ️ "Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа,

 

▫ ️ Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит 2026-тәи Ашықәс ҿыци Иаса Қьырса Иира Амши!

 

▫ ️ Ииасуа ашықәс азы аиҩызареи, астратегиатә усеицуреи, аидгылареи рыпринципқәа шьаҭас измаз урыстәыла-аԥснытәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара мҩаԥысуан. Иреиҳаӡоу аҩаӡараҿы ирыдыркылаз аӡбамҭақәа рынагӡаразы ахәаахәҭра-економикатә, аинвестициатә, акультура-гуманитартә усеицура аҽарҭбаауеит, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла еицаҳзеиԥшу апроект дуқәа аԥсҭазаараҿы анагӡара иаҿуп.

Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, анасыԥ, шәнапы злаку аҳәынҭқарратә усураҿы аихьӡарақәа, Аԥсны жәлар – ахирра, аизҳазыӷьара».

 
Read 14 times
aps25