АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахаша, 31 Ԥхынҷкәын 2025 19:24

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аҧсны ҧасатәи Ахада Александр Анқәаб Ашықәс ҿыц идиныҳәалеит

Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:

Ҳаҭыр зқәу Александр Золотинск-иԥа!

Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Ашықәс ҽыц! Шәара шәыҧсҭазаараҿы акыр аџьабаа жәбеит ҳҳәынҭқарра азы. Уи ҳажәлар пату ақәырҵоит. 

Иахьа аҳәынҭқарра напхгара азҭо иаҳуалуп ҳаҧсадгьыл амаҵ азызуаз рџьабаа пату ақәҵаны, урҭ рлагамҭақәа реизырҳара. 

Ишәзеиҕьысшьоит агәабзиара, ҭаацәыныла аманшәалара, агәалаҟазаара бзиа. Ҳазҭалоу ашықәс маншәалахааит ҳауаажәлари ҳҳәынҭқарреи рзы». 

Read 11 times Last modified on Аԥшьаша, 01 Ажьырныҳәа 2026 19:31
aps25