АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахаша, 31 Ԥхынҷкәын 2025 19:26

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аҧсны ҧасатәи Ахада Рауль Ҳаџьымба Ашықәс ҿыц идиныҳәалеит

Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Рауль Џьумка-иԥа!

Ишәыдысныҳәалоит ҳазҭало Ашықәс ҿыц аныҳәа! Еиуеиҧшым аамҭақәа рзы ҳҳәынҭқарра напхгара азҭоз рлагамҭа пату ақәҵара ҳуалуп хымҧада. Иахьатәи аҧсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы шәылшамҭақәа рацәоуп.

Ишәзеиҕьысшьоит агәабзиара, агәалаҟазаара бзиа, ҭаацәаныла аизҳара, аманшәалара». 

Read 8 times Last modified on Аԥшьаша, 01 Ажьырныҳәа 2026 19:31
aps25