АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахәаша, 06 Жәабран 2026 18:39

Гәынба Бадра Алан Гаглоев ииубилеи идиныҳәалеит

 ▫️ Иахьа Алада Уаԥстәыла Ахада ииубилеи азгәеиҭоит. Алан Гаглоев 45 шықәса ихыҵит. Аԥсны Ахада Гәынба Бадра ҭелла Алада Уаԥстәылатәи иколлега иирамш идиныҳәалеит. ▫ ️ "Алада Уаԥстәыла Ахада имаҵураҟны имҩаԥыжәго аҳәынҭқарратә усура атәыла асуверенитет арӷәӷәара, уи аинститутқәа рырҿиара, ажәлар ринтересқәа рыхьчара иазырхоуп", - иҳәеит Гәынба Бадра ▫️ Аԥсны ахада иазгәеиҭеит аиашьаратә республикақәа рхадацәа рыбжьара ишьақәгылаз гәык-ԥсыкалатәи, агәреибагаратә еизыҟазаашьақәа атәылақәа рыбжьара аусеицура арҭбаара иацхраауеит.    ▫️ Гәынба Бадра иацҵаны иҳәеит Аԥсны ахә ҳаракны ишыршьо Алан Едуард-иԥа хаҭала ҳажәларқәа рыбжьара аиҩызареи, аилибакаареи, аусеицуреи рырӷәӷәараҿы илагала. Аԥсуа ҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит аиашьаратә еимадарақәа наҟ-наҟ еиҳагьы иӷәӷәахоит ҳәа агәаанагара шимоу.   ▫ ️ Гәынба Бадра Алан Гаглоев изеиӷьеишьеит агәабзиара, аманшәалара, агәамч, Алада Уаԥстәыла ажәлар реизҳазыӷьаразы аҭакԥхықәра зцу аҳәынҭқарратә усураҿы ақәҿиарақәа. Алада Уаԥстәыла ахада аԥснытәи иколлега иҭабуп ҳәа иеиҳәеит адныҳәалареи азеиӷьашьара ԥхақәеи рзы.  
Read 11 times
aps25