АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Аҩаша, 10 Жәабран 2026 14:29

Аԥсны Ахада Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр С. В. Лавров адипломатиатә усзуҩы Имш идиныҳәалеит

 

▫ ️ "Ҳаҭыр зқәу Сергеи Виктор-иԥа!

 

▫️ Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Адипломатиатә усзуҩы Имш.

▫️ Ибеиоу, хьӡи-ԥшеи змоу атрадициақәеи, иӷәӷәоу азанааҭтә школи, абиԥарақәа реимадареи шьаҭас измоу Урыстәылатәи адипломатиатә маҵзура ииашаны аҳаҭыр ҳаракуп.

▫️ Иахьа иглобалтәу аиҭакрақәа раан урыстәылатәи адипломатцәа аҩаӡарақәа зегьы рҿы иҳараку апринципреи аҭакԥхықәреи аадырԥшуеит, гәрагарала Урыстәыла амилаҭтә интересқәа рыхьчоит, адунеитә аренаҿы уи апозициақәа рӷәӷәо.

 ▫️ Ҳаҭыр зқәу Сергеи Виктор-Иԥа, Шәара шықәсырацәалатәи зусуреи, здырра ҵаулақәеи, ишәаны-изаны зус иазнеиуа, иҳаракӡоу акласс иаҵанакуа адипломат иаҳасабала Урыстәылеиԥш уи анҭыҵгьы аҳаҭыри ахьӡ-аԥшеи иаԥсахаз ҳәынҭқарратә усзуҩуп.   

▫️ Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аҭакԥхықәра зцу аҳәынҭқарратә усураҿы аԥхьаҟагьы ақәҿиарақәа, Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлектив зегьы – азанааҭтә еихьӡарақәа, ахачҳара, Аԥсадгьыл аизҳазыӷьаразы аихьӡара ҿыцқәа».

Read 6 times
aps25