АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Аԥшьаша, 02 Мшаҧы 2026 13:20

Сергеи Кириенко Аԥсны даҭааит

▫️ Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадреи Урыстәыла Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко аҳаирбаӷәаза иаҭааит, ахәыҷтәы сахьаркыратә цәыргақәҵа «Аҟәа иахаԥыруа амҵәыжәҩақәа: Аиҩызара ацҳа» афиналистцәа русумҭақәа ирыхәаԥшит.    ▫️ Аицлабра мҩаԥысуан аноминациақәа хԥа рыла: «Аԥсны ажәҩан», «Арӡынба Иҳаирбаӷәаза», «Аиҩызара ацҳа: Урыстәыла – Аԥсны». Зынӡа иалкаауп аԥхьахәқәа згаз 27-ҩык, иара убас иазгәаҭоуп анапкымҭақәа 7, иранашьоуп аҳаирбаӷәазаҟнытә ҷыдала аԥхьахә. Актәи аҭыԥқәа аанызкылаз Москваҟа ацаразы алшара рыҭахоит Амилаҭтә центр «Урыстәыла» иаҭаарц азы.   
Read 20 times
aps25