▫️ Аԥсуа ган аҟнытә аиқәшаҳаҭра инапы аҵаиҩит Ҭемраз Амқәаб, абанк аҟынтә - ПСБ ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Михаил Дорофеев.
▫️ Аиқәшаҳаҭра хықәкыс иамоуп асоциал-финанстә хырхарҭаҟны аусеицура арҭбаара, Аԥсны иааиԥмырҟьаӡакәа инхо Урыстәыла атәылауаа рымаҵ аура аиӷьтәра. Аусеицура аамҭа ҿыц ари аԥхьа излагахьаз аусеицура ацҵара иазҳәоуп.
▫️ 2025 ш. ԥхынгәымза 10 рзы Гәынба Бадреи Сергеи Кириенкои аҭааит Аҟәа ПСБ ахаҭарнакра. Ара ирылацәажәеит Аԥсны инхо урыстәылатәи атәанчаҩцәа рзы абанктә картақәа реиқәыршәара иазку асоциалтә аԥшьгара анагӡара азҵаара. Ас еиԥш иҟоу акартақәа Аԥсны рыҭара иалагеит 2025 ш. мшаԥымза 18 инаркны. Иахьазы урыстәылатәи атәанчаҩцәа рахьтә. ас еиԥш агәаҳәара змаз 21 нызқьҩык инареиҳаны Урыстәыла асоциалтә фонд аҟынтә атанчахәқәеи асоциалтә шәатәқәеи ахьҭало. акартақәа роухьеит.
▫️ «Иаҳхысыз ашықәс азы Владимир Путин иахь аҳәара ҟасҵеит атәанчаҩцәа ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа роурц. Иахьатәи ахҭыс схы иархәаны иҭабуп схәарц сҭахуп, ҳтәылауаа ахә ҳаракны иршьеит, иҭабуп имҩаԥгоу аус азы», - иҳәеит Гәынба Бадра.
▫️«Саргьы иҭабуп ахысҳәаауеит, избан акәзар зегьы ирыцку – ари ауаа рзы иахьыманшәалоу ауп. Еиҳаракгьы зышыкәс ыҟоу ауаа рзы», - иҳәеит Сергеи Кириенко.
▫️Афинанстә инфраструктура аҿиара, абанктә маҵзурақәа рымҽхак аҭбаахара атәылауаа рсоциалтә хьчара аҩаӡара ашьҭыхреи Аԥсни Урыстәылеи рекономикатә еимадарақәа рырӷәӷәара иацхраауеит.