АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахәаша, 03 Мшаҧы 2026 12:35

Аԥсны Ахада Жәларбжьаратәи аекономикатә форум "Аԥсны - аԥеиԥш аинвестициақәа ралагалараҟны" иқәгылара

 

Ажәларбжьаратәи аекономикатә форум "Аԥсны - аԥеиԥш  аинвестициақәа ралагалара". Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра.


 "Ҳаҭыр зқәу асасцәа, акыр иаԥсоу аҩызцәа, аколлегацәа!


Сара сзы акырӡа аҵанакуеит Жәларбжьаратәи аекономикатә форум "Аԥсны - аԥеиԥш  аинвестициақәа ралагалара" аҟны «бзиала шәаабеит» ҳәа шәаҳәара. Ари ахҭыс -  баша еиԥыларам, ари аҩ-ганкгьы рзы хра злоу, феида зылгахо аусеицура шьаҭас измоу акрызҵазкуа шьаҿоуп иӷәӷәоу еизҳазыӷьо Аԥсны аргылараҟны.
Угәы шьҭызхуа акоуп ас еиԥш ихатәроу алахәцәа реилазаара  - ҳара иаҳҭоуп асасцәа дуқәа, ақәҿиара змоу абизнес уаа, иеицырдыруа аекспертцәа, аҳәынҭқарратә еилазаарақәа рхаҭарнакцәеи аинвесторцәеи. Аԥсны аганахь ала иаашәырԥшуа азҿлымҳара аԥхьаҟатәи ҳалшарақәеи ҳԥеиԥш бзиеи рыгәра ҳдыргоит.

Аԥсны – иамоу иџьашьахәу аԥсабара анаҩс, акырӡа ибеиоу акультуратә ҭынхеи рымцара ракәӡам. Ари адгьыл аҟны ахаҳә цыԥхьаӡа дара рхатә ҭоурых рымоуп, иарбанзаалак апроект ҿыц, аԥхьаҟатәи аԥеиԥш аартра иадҳәалоуп.


Ҳтәыла макьанагьы аҵыхәтәанынӡа иаартым аекономикатә лшара ду амоуп. Ауаа ргәалаҟазаарақәа рҽырыԥсахуеит, рылшарақәа рыгәра ргоит, ҳаидгыланы иҳалшо шырацәоу  агәра ргоит.
Ҳфорум хықәкыс иамоугьы ас еиԥш иҟоу алшарақәа, аԥыжәарақәа раарԥшра ауп, аиимадаразы, аиҿцааразы аҭыԥ аԥҵароуп, хаҳара злоу аусуратә еимадарақәа рышьақәыргылара, урҭ зегьы ҳзеиԥш проектқәеи ҳаԥшьгарақәеи уасхырс ирзышьҭалоит.


Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны иазгәаҭоуп аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа хԥа рыҵаҩра, аусбарҭабжьаратә меморандумки аиҳабырабжьаратәи аусбарҭабжьаратәи меморандумқәа 15,  анаплакқәа рыбжьара аиқәшаҳаҭрақәа 19. Ас еиԥш хыԥхьаӡара рацәала аиқәшаҳаҭрақәа  рыҵаҩра мҩаԥымсыцАԥсны ахьыԥшымра азхаҵара аныҟалаз аахыс.


Иаҵысшьуеит: адекларациақәа ракәӡам зыӡбахә ҳәоу. Еиқәшаҳаҭрацыԥхьаӡа иалкаау апроектқәеи, аинвестициақәеи, аусурҭа ҭыԥ  ҿыцқәеи , аусуратә еимадарақәеи рыцуп.


Абас еиԥш иҟоу алҵшәоуп аекономикеи ауааи рзы аҵакы змоу. Ԥыҭрак ашьҭахь сазааҭгылоит аинвестициа-економикатә усхк аҟны аусеицуразы иалкаатәуп ҳәа исыԥхьаӡо, уажәы иазгәасҭарц сҭахуп иҳаҩсыз ашықәс азы амчрақәа русурақәа зызкыз, насгьы иҳалҳаршаз атәы.


Ҳамч-ҳалшара зегьы азаҳкит аполитикатә кризис аамҭазы амчратә усбарҭақәа русура ахаҭабзиара, амакроекономикатә, асоциалтә ҭышәныртәалара, ихадароу аекономика ахырхарҭақәа рырҿиара, аҳәынҭқарратә напхгараҭара афинанстә леишәеи рхаҭабзиара аиӷьтәра, аинфраструктура амодернизациа азура, ҿҳәарадула еиԥҟьарада аҿиара алыршаразы аҭагылазаашьақәа раԥҵара.

Аиҳабыра гәацԥыҳәарала аус ауан «2022-2025 шықәсқәа раан Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара» Аҳәынҭқарратә программа анагӡара ахыркәшаразы.

 

 

 

Read 31 times Last modified on Ахәаша, 03 Мшаҧы 2026 12:40
aps25