АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахәаша, 03 Мшаҧы 2026 12:52

Владимир Путин Аԥсны имҩаԥысуа аекономикатә форум алахәцәа рышҟа адныҳәаларатә цҳамҭа ааишьҭит

▫️Аԥсны Ахада

Гәынба Бадра иқәгылара хазы игоу ахәҭа Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи русеицура иазикит, ареспублика азы уи иамоу  астратегиатә ҵакы инаҵшьны иазгәаҭаны. Иара убас, Ахада аҳаирбаӷәаза аартра 2025 шықәсазтәи ахҭыс хадақәа ируакны иаликааит. Аҳаирбаӷәаза аартра инаркны 121- нызқьҩык инареиҳаны апассаџьырцәа рымаҵ ауит:

▫ ️ «Зымҽхак ҭбаау аԥсны-урыстәылатәи аинвестициатә проект анагӡарала иалыршахаз Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара атәылауаҩратә ҳаиртә ӷбақәа рыԥырра иҿкаахеит. Ҳара активла аус адаҳулоит амаршруттә каҭа арҭбаара. Аус рыдулара мҩаԥысуеит ахырхарҭа ҿыцқәа, Ԥсков, Уфа, Самара, Казан, Оренбург, Екатеринбург, Тиумен, Перм, Нальчик», — иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.

Сергеи Кириенко аартраан дықәгыло, Урыстәыла Ахада Владимир Путин иҟынтә афорум алахәцәа рыхьӡала иаашьҭыз адныҳәаларатә аацҳамҭа даԥхьеит.

Аацҳамҭаҟны иҳәоуп: «Урыстәыла еицакрада Аԥсны асуверентә ҿиара иадгылоит, уи аекономикатә ҭышәынтәалареи ашәарҭадареи рырӷәӷәара активла иацхраауеит. Ари-аҵакы змоу, хымԥада аԥыжәара заҳҭо хырхарҭақәа иреиуоуп. Иахьа ҳара иаабоит аусеицура алҵшәа бзиақәа -атранспорттәи атуристтәи инфраструктура арҿыцраҿы афымцамчи, ақыҭанхамҩеи, ахәаахәҭреи русхк аҟны».

▫️ ▫️Иара ихьӡала Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иадминистрациа Анапхгаҩы Актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко анонс ҳасабла ирылеиҳәеит 2026-2027 шықәсқәа рзы 14 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа Урыстәылантәи Аԥсныҟа аиразы арҵабыргыга ала раара ацҵара иазу азыӡба. Иара убас иазгәеиҭеит Аԥсни Алада Уаԥстәылеи рҟынтә аҿар Урыстәылатәи Афедерациа аҿар реиԥш, урҭ ираҟараны аизҳареи аҿиареи рзы алшарақәа шрымоу:

▫ ️ "Урыстәыла Ахада иқәиргылаз адҵа инақәыршәаны ҳҿаԥхьа уснагӡатәны  иқәгылоуп Аԥсны иҟоу дарбанзаалак ахәыҷы, иара убас аҿар рыҟнытә дызусҭзаалак Урыстәылатәи Афедерациаҿы урҭ рықәлацәа реиԥш аизҳареи аҿиареи рзы алшарақәа рыҭара», — иҳәеит Сергеи Кириенко.

▫️ Афорум аусура иалахәуп Урыстәыла арегионқәа 15 инареиҳаны, Краснодартәи атәылаҿацә, Ареспублика Башкортосҭан, Ханты-Мансиисктәи автономтә округ, Москватәи, Нижегородтәи, Калугатәи аобластқәа, Аҩада Кавказ ареспубликақәа рхаҭарнакцәа, иара убас афедералтә министррақәа – Аекономикатә ҿиара аминистрра, Агәабзиарахьчара аминистрра, Аҵара аминистрра, Ақыҭанхамҩа аминистрра, Урыстәыла Атранспорт аминистрра. Жәларбжьаратәи сасцәаны аԥсны иаҭааит Алан Гаглоев зхадараҿы дыҟоу Алада Уаԥстәыла аделегациақәа, иара убас Ермантәылеи Ҭаџьикисҭани рхаҭарнакцәа.

 ▫️ Афорум апрограммаҿы иҟоуп апленартә еилатәарақәа ҩбеи атематикатә еишәа гьежьқәа фбеи. Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп абизнес-еилазаарақәа рыбжьара аусбарҭабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәеи абизнес-еилазаарақәа рыбжьара аиқәшаҳаҭрақәеи раҵаҩра. Ҷыдала хшыҩзышьҭра аҭоуп атуристтә усхк аҿиара. Тема хаданы иҟалеит анаплакыҩцәа рыдгылара. Алахәцәа азинҷыдатә кредит аҭара апрограммақәа рхацыркра иалацәажәоит: ари абизнес аҿиара, аусурҭа ҭыԥ ҿыцқәа раԥҵара, аҭыԥантәи аџьармыкьаҿы атауарқәеи амаҵзурақәеи рхаҭабзиара ашьҭыхра иацхраауа ихадоу механизмуп.

▫️ Абри анаҩс, иҳәатәуп ахҭыс Гәынба Б.З. ахадарахьы инеира раԥхьатәи ашықәс азы икоманда аусура аихшьалақәа рыҟаҵаразы, ақәҿиарақәа рарбаразы, атәыла ԥхьаҟатәи аҿиаразы ахырхарҭақәа разгәаҭара алзышаз ҭагылазаашьа бзианы ишыҟалаз.

▫️ Ари афорум ареспублика аусутә ԥсҭазаараҿы акрызҵазкуа аамҭаны иҟалеит.  Баша аицәажәаразы иформалтәу ҭыԥны акәымкәа, иеиуеиԥшым аусхкқәа рыҟны Аԥсны аекономика аҿиара иацхраауа аинвестициақәа ралагалареи еицаҳзеиԥшу апроектқәа рхацыркреи рзы аҭагылазаашьақәа аԥнаҵоит.

Read 23 times Last modified on Ахәаша, 03 Мшаҧы 2026 13:23
aps25