▫️ Аминистр Аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит иахьазы абылтәы аиқәыршәаразы аҭагылазаашьа шҭышәынтәалаз ала. Абылтәы аҭаҵәахқәа рымоуп абылтәы џьармыкьа алахәцәа дуқәа реиԥш, абылтәыҭаҭәарҭатә станциа дуқәагьы, АҬС маҷқәа рыҿгьы.
▫️ Ҳазҭагылоу аамҭазы Аԥсны иҟоуп ҩ-нызқь тонна рҟынӡа абылтәы АИ-92, 2,5 нызқь тонна рҟынӡа абензин АИ-95, 3,7 нызқь тонна рҟынӡа адизельтә былтәы рҭаҵәахқәа. Иара убас, амҩа иқәуп ҩ-нызқь тонна рҟынӡа абылтәы, уи иааиуа амчыбжь нҵәаанӡа ареспубликаҟны иааироуп.
▫️ Баҭал Мышәба иажәақәа рыла, узқәымгәыӷуа аҭагылазаашьақәа ҟамлар, иааиуа амза иалагӡаны Аԥсныҟа даҽа 3,5 нызқь тонна рҟынӡа абылтәы, х-нызқь тонна рҟынӡа адизельтә былтәи аара иазыԥшуп.
▫️ Аминистр иазгәеиҭеит иҟоу аҭагылазаашьаҿы акоммерциатә наплакқәа ишрылшаз абылтәы анагаразы даҽа мҩақәакгьы рыԥшаара. Уи иалнаршеит аҩныҵҟатәи аџьармыкьаҿы аҭагылазаашьа аиӷьтәра, ареспублика зыда ԥсыхәа амам абылтәы ахышәа-ҵышәа ала аиқәыршәараҿы ацхыраара ду ҟанаҵеит.
▫️ Убри аан Баҭал Мышәба иазгәеиҭеит ишьақәгылаз аҭагылазаашьақәа абылтәы ахәԥса ишаныԥшыз. Ахәқәа реизҳара ареспублика иадҳәалам аобиективтә мзызқәа ирыхҟьеит.
▫️ Аминистр инаҵшьны иазгәеиҭеит иколлегацәеи иареи ирылшо зегь шыҟарҵо Ахада идҵа анагӡаразы – ареспубликаҟны абылтәы азымхара аҭагылазаашьа аиҭацәырҵра алмыршара.
️ ️ Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба аминистр иҟаиҵаз адырра анаҩс, адҵа ҟаиҵеит иуадаҩу аҭагылазаашьахь ахынҳәра алмыршаразы иахәҭоу амчқәеи аԥареи уи иазыркразы.
▫️ Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит уаанӡа урыстәылантәи абылтәы аагара зыруадаҩуаз амзызқәа макьанагьы ишаԥыхым. Убри инадҳәаланы аагаразы маршрутқәак аус рыдулара иацҵатәуп, ишьақәыргылоу аагаратә мҩақәа еиқәырхатәуп.
▫️ Аҳәынҭқарра Ахада иара убас анапынҵа ҟаиҵеит урыстәылатәи иколлегацәеи иареи ианаамҭоу иахәҭоу аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргаларц, ареспублика абылтәы хкы хадақәа зегьы — абензин АИ-92, АИ-95, адизельтә былтәы рыла аиқәыршәара азҵаарақәа иааиԥмырҟьаӡакәа ахылаԥшра рыҭаразы, иара убас иаҭаху аҭаҵәахқәа рышьақәыргыларазы.