Ахада иҳәеит шықәсык иалагӡаны ииеизаз ауадаҩрақәа зегьы иаразнак ӡбашьа шрымам. Убри аан Ақыҭа ашықәс аҳәаақәа ирҭагӡаны ихацыркыз апрограммақәеи апроектқәеи зегьы ишрыцҵахо 2026 ш. анаҩсгьы.
«Ақыҭа - ус баша ҳтәылауаа ахьынхо ҭыԥӡам. Ари ҳара ҳбызшәа, ҳкультура, ҳқьабзқәа еиқәзырхо ҭыԥуп», - иҳәеит Бадра Гәынба.
Аԥыза-аминистр Владимир Делба Ахада адырра ииҭеит Ақыҭа ашықәс азы Аиҳабыра имҩаԥнаго ауснагӡатәқәа рзы. Излеиҳәаз ала, уахь иҵанакуеит акультура, аҵараиура, аспорт, ақыҭанхамҩа, агәабзиарахьчара, асоциалтә дшыларг, аинфраструктура аҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа.
Мҽхакы ҭбаала аусурақәа мҩаԥысуеит аиҭашьақәыргыларақәеи ақыҭатә дгьылҵаркырақәа ринфаструктурақәа рырҿиареи русхк аҟны: еиҭашьақәдыргылоит амҩақәа, анџьныртә инфраструктура аобиектқәа, амҩатә лашарбагақәеи аӡымҩангагақәеи рсистема, имҩаԥысуеит адгьылҵакырақәа реиҿкаара, ахәыҷтәы хәмарырҭақәа раԥҵара.
Аԥыза-аминистр ихаҭыԥуаҩ, Ақыҭанхамҩа аҿиара апроектқәа аҳәынҭқарратә дгылара рыҭаразы аҳәынҭқарратә комиссиа ахантәаҩы Џьансыхә Нанба адырра ҟаиҵеит қыҭацыԥхьаӡа миллионк миллионк аԥаразоужьра азԥхьагәазҭо апрограммақәа рынагӡара амҩаԥысшьазы.
Иахьазы, 92 қыҭа рҟынтә акомиссиа ашҟа арзаҳалқәа аахьеит, раԥхьа иалазҵаз х-қыҭак рзы ахарџь азоужьуп, даҽа 18 қыҭа рыҟнытә арзаҳалқәа ааираны иҟоуп.
Ахада адҵа ҟаиҵеит иаанхаз ақыҭақәа арзаҳалқәа ралаҵара иазку аусура арццакразы.
Ақыҭанхамҩатә проектқәа адгылара рыҭаразы хықәкылатәи апрограмма дазааҭгыло, Џьансыхә Нанба иазгәеиҭеит, арзаҳалқәа алазҵаз ақыҭақәа зегьы рҭаара иазкыз аусурақәа шхыркәшоу, иара убас иааргаз апроектқәа алкаақәа шыҟаҵоу. Хара имгакәа акомиссиа аусура хацнаркуеит апроектқәа рыхәаԥшреи ралхреи рзы.
Аҵара аминистр Хана Гәынба иазгәалҭеит ақыҭа школқәа рыцхырааразы иазԥхьагәаҭоу ауснагӡатәқәа. Ҳазҭагылоу аамҭазы ақыҭақәа рыҟны арҵаратә инфраструктура комплексла аҿиара иазку хықәкылатәи апрограмма «Ақыҭа школ» азырхиара нап аркуп,.
Аҵаршықәс ҿыц азы азгәаҭоуп «Ашықәс арҵаҩы» ахьӡ аиуразы ақыҭа арҵаҩцәа рыбжьара аицлабра, иара убас еиуеиԥшым аспорттә хкқәа рыла аҵаҩцәа рыбжьара ахәмаррақәа рымҩаԥгара. Ҷыдала азҿлымҳара аҭоуп ашколхәыҷқәа иԥхоу ахәы аиҿкаара.
Ахада иазгәеиҭеит, ақыҭа школқәа рҭагылазаашьа ақалақь школқәа иреицәамзароуп, иара убас арҵаратә программақәа рынагӡараан ҳасаб шазутәу урҭ рҷыдара.
Иара убас иазгәаҭан ақыҭа школқәа жәпакы автобусқәа рыла ишеиқәыршәоу. Бадра Гәынба адҵа ҟаиҵеит транспортла зеиқәыршәара аҭаху арҵаратә усҳәарҭақәа рзы аусура хәҭа-хәҭала амҩаԥгаразы.
Акультура аминистр Даур Ақаҩба иазгәеиҭеит агастрольтә программақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны арҿиаратә коллективқәа ақыҭақәа ишырҭаауа. Ҷыдала, "Амузыка ахәыҷқәа рзы" апроект ала Аҳәынҭқарратә камертә оркестр ақыҭақәа рыҟны аконцертқәа мҩаԥнагоит.
Убри анаҩс, Амассатә информациа ахархәагақәа ақыҭа аԥсҭазаара иазку ателехәаԥшратә проектқәеи атематикатә рубрикақәеи рыла аусура мҩаԥыргоит.
Афымцамч аминистр Баҭал Мышәба иҳәеит ақыҭақәа рыҟны афымцамч аҭагылазаашьа аиӷьтәразы аусурақәа шцо. Ашықәс алагамҭа инаркны ақыҭақәа рыҟны иԥсахуп 55 нызқь метра афымцамҩангагатә цәаҳәақәа, ишьақәыргылоуп астанциа маҷқәа 38. Аԥхьаӡагақәа рышьақәыргыларазы аусурақәа ирыцҵоуп, иара убас афымцамчеиқәыршәагатә хыбрақәа реиҭашьақәыргылареи рырҿыцреи рзы.
Ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Ҳагәышь далацәажәеит ақыҭанхамҩатә наплакқәа рыцхырааразы аҳәынҭқарратә программа аусура ацашьа атәы. Ҳазҭоу ашықәс азы 3,5 % рыла афинанстә цхыраара иацҵан, 150 млн мааҭ инаркны 500 млн. мааҭ рҟынӡа.