АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Аҩаша, 15 Цәыббра 2026 22:38

Бадра Гәынба Никарагуа аицхадацәа Даниель Ортегеи Росарио Мурильои Ахьыԥшымра амш рыдиныҳәалеит

 

▫ ️ «Никарагуа Ареспублика ҳаҭыр зқәу аицхадацәа, Хосе Даниель Ортега Сааведра, аҳкәажә Росарио Мурильо!

 

▫️ Аԥсны жәлар рыхьӡала ишәыдысныҳәалоит Никарагуа ареспублика шәара аԥхьа шәнаргыланы, ҳаиҩызаратә жәлари шәареи амилаҭтә ныҳәа – ахьыԥшымра Амш!

 

▫️ Никарагуа ахьыԥшымра рылаҳәара 205 шықәса ахыҵра никарагуатәи ажәлар ахақәиҭреи, асуверенитети, рԥеиԥш ахатәҳәаақәҵаразы ирымоу азини рзы шәышықәсалатәи рықәԥара аазырԥшуа акрызҵазкуа рыцхәуп.

 

▫️ Иахьа Никарагуа инеиԥынкыланы еицакрада амилаҭтә интересқәа рыхьчара иаҿуп, аҳәынҭқарра арӷәӷәоит, ихьыԥшым адәныҟаполитикатә курс мҩаԥнагоит.


▫️ Абхазия высоко ценит дружественные отношения с Никарагуа, основанные на взаимном уважении, доверии и солидарности.
Уверен, что наши государства и впредь будут развивать двустороннее взаимодействие и укреплять взаимовыгодное сотрудничество в интересах наших народов.
Аԥсны ахә ҳаракны иршьоит Никарагуеи ҳареи иҳабжьоу, аҳаҭыреиқәҵареи, агәреибагареи, аидгылареи шьаҭас измоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа.

Агәра ганы сыҟоуп ҳҳәынҭқаррақәа аԥхьаҟагьы ҩ-ганктәи аусеицура арҿиара ишацырҵо, ҳажәларқәа ринтересқәа рзы еицырзыфеидоу аусеицура шдырӷәӷәало.

 

▫️ Ҳаҭыр зқәу аицхадацәа ари аныҳәамш азы ишәзеиӷьасшьар сҭахуп агәабзиара, ахирра, аҳәынҭқарратә усураҿы ақәҿиарақәа, аиҩызара ҳзызуа Никарагуа ажәлар – аҭынчра, аизҳазыӷьара, атәыла аҿиараҿы ақәҿиарақәа».

Read 43 times Last modified on Аҩаша, 15 Цәыббра 2026 22:40