Аҳәынҭқарра Ахада адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа аиҭеит аԥсуа диаспореи иареи аус ацура арҿиара иазку аусура арӷәӷәаразы. Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Ҭырқәтәыла иҟоу адиаспора адагьы, хшыҩзышьҭра шаҭатәу Шьамтәыла, Иорданиа уҳәа Мрагылара Ааигәа аҳәынҭқаррақәа рҿы инхо ҳџьынџьуаа.
Бадра Гәынба иазгәеиҭеит иҟоу алшарақәа ахархәара шрыҭатәу ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадара арӷәӷәаразы, урҭ Аԥсны радҳәалара арҭбааразы. Ус еиԥш иҟоу амыругақәа иреиуоуп ҳәа Аҳәынҭқарра Ахада иԥхьаӡоит ҩышықәса раахыс имҩаԥысуа аԥсуа диаспора ахәыҷқәа лассы-лассы Аԥсны раҭаара, урҭ рықәлацәа рыҿцәажәара, ареспублика аԥсҭазаара дырдырра алзыршо жәларбжьаратәи ахәыҷтәы лагер.
Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит аԥхьаҟа жәларбжьаратәи алагер аусура Аԥсны инхо ахәыҷқәагьы алархәзар ибзиоуп ҳәа. Иара иажәақәа рыла, аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәеи ареспубликаҿы инхо ахәыҷқәеи реицалахәра абиԥара ҿа еиҳа иеизааигәанатәуеит, аиҩызареи аиашьаратә еимадарақәеи рырӷәӷәара алнаршоит, ҭоурыхтә ԥсадгьылк шрымоу еиҳа ирныруа иҟанаҵоит.