Цәыббрамза 20 рзы имҩаԥысраны иҟоуп Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа ралхрақәа. Абжьыҭара аиҿкаареи амҩаԥгареи мҩаԥнагоит Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа, аԥсуа ган алхратә процедурақәа рымҩаԥгаразы аҭагылазаашьақәа раԥҵараҿы иахәҭоу ацхыраара ҟанаҵоит.
Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра азханаҵеижьҭеи аԥсуа ган Урыстәылатәи Ацҳаражәҳәарҭа адгылара шанаҭо атәыла аҵакыраҿы иааиԥмырҟьаӡакәа инхо Урыстәыла атәылауаа рыбжьыҭара амҩаԥгараҿы.
Сынтәа абжьыҭарҭа ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара иацҵоуп. Бадра Гәынба ишазгәеиҭаз ала, уи зыхҟьо Аԥсныҟа аԥсшьаразы иаауа УА атәылауаа рхыԥхьаӡара арацәароуп. Дара рзы иахьыҟоу аҭыԥ аҿы абжьыҭаразы алшара цҵақәа аԥҵоуп.
Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа ацхыраара аҭаразы аусуратә гәыԥ аԥиҵеит. Уи напхгара аиҭоит Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа.
Ахада Ихаҭыԥуаҩ ишиҳәаз ала, Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭеи дареи реинырра мҩаԥысуеит. Ашәахьаҽны имҩаԥысит араионқәа рхадацәа злахәыз изаамҭанытәиу аусуратә еиԥыларак, ирыхәаԥшын абжьыҭара амҩаԥгараҿы ацхыраара аҭара иазкыз азҵаарақәа.
Аԥсуа ган абжьыҭара аиҿкааразы иахәҭоу ауадақәа азнархиоит, зыда ԥсыхәа ыҟам атехникатә ҭагылазаашьақәеи аԥнаҵоит, иара убас ашәарҭадара аиҿкаараҿы ацхыраара ҟанаҵоит. Амчратә еилазаарақәа алхрақәа рымҩаԥгаразы адырра рыҭоуп, урҭ аҭагылазаашьа хылаԥшра арҭоит.