Бадра Гәынба иазгәеиҭеит Аԥсназы аҵак ду шамоу заҳаҭыр ҳараку жәларбжьаратәи ашьапылампылтә еиҿкаареи ҳареи ҳусеицура. CONIFA аилазаара еиднакылоит 35 федерациа, миллиардк инареиҳаны ауааԥсыра зқәынхо адгьылҵакырақәа хаҭарнакра рзызуа.
Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит ачемпионат амҩаԥгара Аԥсны жәларбжьаратәи аренаҟны абжьы аргаразы лшара ны ишыҟоу, атәыла азҿлымҳара аҭаразы, иамоу алшарақәа раарԥшразы. Уи иажәақәа рыла, жәларбжьаратәи азхаҵара ишацхраауа.
Бадра Гәынба игәалаиршәеит CONIFA адунеи ачемпионат 2016 шықәсазы Аԥсны ишымҩаԥысхьаз, уи ареспублика ауааԥсыра ирнаҭаз агәахәара шырхамышҭуа. Агәалашәараҿы аҭыԥ ҷыда ааннакылоит Аԥсни Пенџьаби реизга акомандақәа рыбжьара афиналтә матч.
Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит Аԥсны ачемпионат амҩаԥгаразы аӡбамҭа анрыдыркылаха, ареспублика иалшо зегь шыҟанаҵо атурнир ишахәҭоу еиԥш аиҿкааразы.
Убри аан Пер-Андерс Блинд иазгәеиҭеит насыԥны ишиԥхьаӡо ҩаԥхьа Аԥсны аҭаара ҳәа. Иара инаҵшьны иҳәеит иҳаҩсыз ашықәсқәа рыҩныҵҟала ареспубликаҿы хра злоу аиҭакрақәа рацәаны ишыҟалаз.
CONIFA ахада иара убас иазгәеиҭеит 2016 шықәсазтәи ачемпионат алахәцәа Аԥсны бзиа ишырбаз, иара атурнир ахаҭа иахьагьы аиҿкаара аҭоурых аҿы иреиӷьу акакәны ухаҿы ишаанхо.
Пер-Андерс Блинд иҳәеит CONIFA алахәцәа 2028 шықәсазтәи адунеи ачемпионат амҩаԥгаразы Аԥсны акандидатура ишадгыло азы агәра шиго, ареспублика ҩаԥхьа ашьапылампылтә турнир ҩаӡара ҳаракны аиҿкаара шалшо.
Аиԥылара иалахәын Ахада Иадминистрациа анапхгаҩы Беслан Ешба, CONIFA ахада ихаҭыԥуаҩ Дмитри Ԥагаа, ашьапылампылтә клуб «Динамо» Аҟәа ахада Асҭамыр Адлеиба.