Аҳәынҭқарра Ахада Мықә ақыҭа иалҵыз Аԥсны ахақәиҭтәра зхы ақәызҵаз Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭеиҵеит.
Мықәашҭа аҭоурыхтә шҭаҿы имҩаԥысит итрадициатәу аҽырыҩрақәеи егьырҭ амилаҭтә спорттә еиндаҭларақәеи, иара убас аныҳәатә концерт.
Аҳәынҭқарра ахада ақыҭа ауааԥсыреи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи дрыҿцәажәеит, Аиааира амшныҳәа рыдиныҳәалеит, ирзеиӷьеишьеит Аԥсны аҭынчра, ахирра, аизҳазыӷьара.