АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Аԥшьаша, 15 Жьҭаара 2026 18:30

Бадра Гәынба Аԥсны Арбџьар мчқәа роператив-тактикатә зыҟаҵарақәа рымҩаԥысшьа гәаиҭеит

Уа имҩаԥысит зымҽхак ҭбаау аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны аибашьратә хысразы апрактикатә зыҟаҵарақәа. Аусмҩаԥгатәқәа иара убас дрылахәын аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа.

Аҽазыҟаҵарақәа раан аус рыдырулеит иҟалар зуа аӷа иқәылара аԥырҟәҟәааразы ауснагӡатәқәа рынагӡараан еиуеиԥшым архәҭақәа русеицура азҵаарақәа. Ҷыдала хшыҩзышьҭра арҭон арратә ҟәшақәа рҳәоуеиқәшәареи напхгараҭара аиҿкаареи.

Ар Рхада ахә ҳаракны ишьеит архәҭақәа реинырра, ҷыдала иазгәеиҭеит арезервистцәа активла ралахәра, урҭ рыбжьара имаҷҩым Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа. Бадра Гәынба ҭабуп ҳәа реиҳәеит аҽазыҟаҵарақәа иахьрылахәыз азы, инаҵшьны иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра атәылахьчаралшараҟны рлагала аҵак ду шамоу.

Очамчыра имҩаԥысуаз аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аҟәшақәа аӷа аҭынчраан ақалақь дақәлар анауа аамҭазы азыҟаҵара мҩаԥыргеит. Азыҟаҵарақәа рзы ишарзгәаҭаз ала, иҟалар зуа аӷа аԥырҩы дызҭам иԥрыгақәа ақалақь иажәлеит. Аус здырулаз асценари инақәыршәаны аҵакырадгьылтә хьчара напхгара аиҭеит араион ахада.
  
Аҵараиуратә усҳәарҭақәа рҵаҩцәеи русзуҩцәеи оперативла ралгара еиҿкаан, иара убас ауааԥсыра ршәарҭадара еиҿкаан. 

Аҵакырадгьылтә хьчара анапхгаҩы идҵала архәҭақәа ихыҭҳәааз аӷа аԥырҩы дызҭам иԥрыгақәа рықәхра иалагеит. Иқәыргылаз арҵаратә уснагӡатәқәа қәҿиарала инагӡан.

Хазы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысит амшын аҿы. Ар Рхада авиациа ахархәарала ихыҭҳәаау аӷа екипажда икатерқәа ржәылара аԥырҟәҟәааразы азыҟаҵарақәа аус рыдулара дахәаԥшуан. Апрактикатә зыҟаҵарақәа рҿы аус рыдулан амшынтә хықәкқәа рыԥшаара, реихсра, рықәхра.

Аԥсны Арбџьар мчқәа мҽхакы ҭбаала роператив-тактикатә зыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит жьҭаарамза 12-16 рзы. Урҭ ирылахәуп Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи Рырбџьар мчқәа рырхәҭақәа, иара убас арезервистцәа.

Аҽазыҟаҵарақәа рхықәкы хадақәа иреиуоуп ар рнапхгараҭара аиӷьтәра, аибашьратә зыҟаҵара аизырҳара, еиуеиԥшым архәҭақәеи амчратә еилазаарақәеи русеицура аус адулара.

Read 14 times Last modified on Ахәаша, 16 Жьҭаара 2026 12:41