Аиԥылараан ирылацәажәеит аҵараиура аусхк аҟны аусеицуреи, аспециалистцәа ҿарацәа разыҟаҵареи, аԥсуа-аурыс гуманитартә еимадарақәа ԥхьаҟатәи рыҿиареи рызҵаарақәа.
Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәыла аусацуразы анапхгареи хаҭала амаҵзура анапхгаҩы Игор Чаикеи иҭабуп ҳәа реиҳәеит ззанааҭдырра ҳараку акадрқәа разыҟаҵараҿы Аԥсны иарҭо адгыларазы, аԥснытәи астудентцәа аквотақәа рыла урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы аҵара рҵартә еиԥш алшара ахьрыҭоугьы уахь иналаҵаны.
«Иарбантәылазаалак азы акадрқәа разыҟаҵара даара акрызҵазкуа хырхарҭоуп. Иахьа ҳара иаабоит ҳабитуриентцәа ринтересқәа рыҽшырыԥсахуа. Уаанӡа еиҳарак азиндырратә, амедицинатә, аекономикатә занааҭқәа алырхуазар, иахьа атехникатә хырхарҭақәа еиҳа-еиҳа ирызҿлымҳахо иалагеит. Ҳара ҳзы уи акырӡа аҵанакуеит", - ҳәа азгәеиҭеит Бадра Гәынба.
Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит атәылауаҩратә авиациеи, афымцамч усхки, иара убас егьырҭ атехникатә хырхарҭақәеи рзы аспециалистцәа ҷыдала рҭаххара шыҟоу. Иара убас иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аԥсны аҿар рзы иаадыртуа алшарақәа рзы.
Андреи Емельианов иакәзар, Игор Чаика ихьӡала аџьшьара ажәақәа иҳәеит аусеицура адгыларазы, иазгәеиҭеит аԥсуа ган ареспубликаҿы зыда ԥсыхәа ыҟам аспециалистцәа разыҟаҵара азҵаара азҿлымҳара ианаҭо аҵак ду шамоу.
«Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит ари аус аамҭалатәи, акониунктуратә ҟазшьа ахьамам, ииашаҵәҟьаны атәыла аизҳазыӷьара азҵаара иахьадҳәалоу", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Андреи Емелианов. Иара убас агәра диргеит Урыстәыла аусацура аусбарҭа агуманитартә еизыҟазаашьақәа рыҿиареи аҵараиуратә программақәа рыцхыраареи рзы аусура ишацнаҵо.