АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Аԥшьаша, 12 Рашәара 2025 11:02

Аҧсны Ахада Гәынба Бадра Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ешыратәи абжьаратә школ даҭааит

Аҳәынҭқарра Ахада ибеит ашкол ахыбраҟны иҟоу  Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа рмузеи аҟны еиҿкааз аекспозициа , иара убас афотоцәыргақәҵа, Владислав Арӡынба 80 ш. ихыҵра иазку. 

Амузеи адиректор Марина Тәанба еиҭалҳәеит амузеи аусура атәы, насгьы дазгәдуны иазгәалҭеит иара ашкол  аушьҭымҭа Владислав Арӡынба ихьӡ шаху. Иара убас Марина Тәанҧҳа илҳәеит ари ашкол аҿы рлагаламҭа  шдуу ара аус зуаз Владислав Арӡынба иҭаацәа. 

Ахада иҭабуп ахиҳәааит амузеи ахьаҧҵоу азы, иагьазгәеиҭеит аҧхьаҟа аекспонатқәа шиагахо амузеи ҿыц ахь иара идҵала Владислав Арӡынба Имемориалтә комплекс аҭыҧ аҟны иаҧҵахо. 

"Еизгахо аекспонатқәа амузеи ҿыц ахь ииагахоит Владислав Арӡынба  Имемориалтә комплекс аҭыҧ аҟны иргылахо ашҟа",- иҳәеит Гәынба Бадра. 

Ахада аилацәажәара мҩаҧигеит Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа, Апарламент аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Фазылбеи Аҩӡба, иара убас аргыларатә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи ашкол анапхгареи алархәны. 

Фазылбеи Аҩӡба Ахада изеиҭеиҳәеит ашкол аҟны иҟоу ауадаҩрақәа ртәы, ашҭа  ахкаара, насгьы ашкол иахьаҵанакуа иҟоу  иажәыз ахыбрақәа рықәгара уҳәа ирызку азҵаарақәагьы.

Ахада иаҵшьны иҳәеит Аҧсны  Актәи Ахада ихьӡ зху ашкол иақәнагоу аҭагылазаашьа амазарц шахәҭоу. 

Гәынба Бадра иҳәеит ауадаҩрақәа зегьы шыӡбахо аҵаршықәс ҿыц алагамҭазы. 

Цәыббрамзазы имҩаҧысраны иҟоуп Владисав Арӡынба 80 ш. ихыҵреи Ешыратәи абжьаратә школ шәышықәса ахыҵреи  аофициалла разгәаҭара.

 

 
Read 9 times