АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахәаша, 06 Рашәара 2025 11:03

Аҳәынҭқарра Ахада ибеит ашкол ахыбраҟны иҟоу Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа рмузеи аҟны еиҿкааз аекспозициа , иара убас афотоцәыргақәҵа, Владислав Арӡынба 80 ш. ихыҵра иазку. Амузеи адиректор Марина Тәанба еиҭалҳәеит амузеи аусура атәы, насгьы дазгәдуны иазг

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра аԥсылманцәа Кәырбан-ныҳәа рыдиныҳәалеит.


Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа реиԥш, аԥсылман тәылақәа ирықәынхо ҳџьынџьуаа зегьы ишәыдысныҳәалоит Кәырбан-ныҳәа лаша!

Иԥшьоу ари аныҳәа аҵак ду змоу динхаҵаратә хҭысны иахьыҟоу адагьы, абри амш иаҳгәаланаршәоит ауаҩра, аибачҳара, арыцҳаибашьара реиԥш иҟоу ауаҩытәҩсатә ҟазшьа бзиақәа. Уи аҳаҭыреиқәҵареи, аидгылареи, аилибакаареи рыла аиашара, ақәнага аҳра ахьауа ауаажәларра аргылараҟны ҳамҩақәнаҵоит иҳацхраауеит.
  
Гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ҭаацәацыԥхьаӡа иагымзааит анасыԥ, аҳәоуеиқәшәара, иҟазааит адгьыл аҟны аҭынчра, ахирра!    

Анцәа илԥха-игәыԥха шәыцзааит зегьы!  

Read 6 times