Аҳәынҭқарра Ахада Ставропальтәи атәылаҿацә атуризми агәабзиачаԥарҭатә курортқәеи рминистр Толбатов Андреи дицны афорум алахәцәа рстендқәа дырҭааит.
Аԥсны Ахада афорум иалахәыз урыстәылатәи арегионқәа реиҳабыра рхаҭарнакцәа аӡәырҩы дырԥылеит. Инаҵшьны иазгәеиҭеит Алада Урыстәылеи Аԥсни реимадара арӷәӷәара иамоу астратегиатә ҵакы. "Аԥсназы ихадаратәу хырхарҭаны иаанхоит азеиԥш ҭоурых, акультура, иара убас аԥхьаҟатәи аҿиаразы агәазыҳәара уҳәа иеиднакыло Алада Урыстәыла аиашьаратә жәларқәеи ҳареи ҩ-ганктәи ҳусеицура, " - иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.
Гәынба Бадра дырҭааит Алада Урыстәыла, Нхыҵ-Кавказ, Алада Уаԥстәыла астендқәа, уа ицәырган аҭыԥантәи анаплакқәа ртауарқәа. Ахада ахә ҳаракны ишьеит ааглыхратә аграртә секторқәа рпотенциал, иҳәеит дшазхиоу азеиԥш проектқәа аус рыдулара.
Афорум аҟны Аԥсны Ахада Урыстәыла аинформациатә усбарҭа -ТАСС аинтервиу аиҭеит. Аиҿцәажәараҟны аекономикатә интеграциа, атуризм ахырхарҭала аусеицура, аԥсны-урыстәылатәи аимадара аԥхьаҟатәи аԥеиԥш уҳәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Шьыбжьышьҭахь Аԥсны аекспозициатә стенд иаҭааны ирбеит УА Аиҳабыра Ахантәаҩы Ихаҭыԥуаҩ Александр Новаки Аҩада-Кавказтәи афедералтә округ аҟны УА Ахада Изинмчы змоу ахаҭарнак Иури Чаика.
Урҭ дырԥылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра. Аԥсны Аиҳабыра Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Нанба Џьансыхә асасцәа ихадароу аԥшьгарақәа ртәы рзеиҭеиҳәеит. Убри аан ҷыдала хшыҩзышьҭра аҭан В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылареи арҿиареи рызҵаарақәа.
Аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара алыршахеит Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵаз адгылара иабзоураны.
Афорум аҩбатәи амш хыркәшан апленартә еилатәарала, уи далахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра.
--
Ашәахьа, 26 Лаҵара 2025 11:13
Кавказтәи аинвестициатә форум аҩбатәи амш аихшьалақәа
Имҩаԥысит Аԥсны Ахада Гәынба Бадреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Новак Александри реиԥылара. Аганқәа рылацәажәеит хра злоу аԥсны-урыстәылатәи аусеицура, аекономикатә, аинвестициатә, асоциалтә проектқәа убрахь иналаҵаны.
Икьыԥхьуп
Новости