АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахаша, 06 Нанҳәа 2025 22:14

Аицлабра «Аԥсны акоманда» алахәцәа рыпроектқәа ӡырыргеит

 

Аицлабра алахәцәа акадртә еицлабра "Аԥсны акоманда" аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥхьаҟа атәылаҟны инагӡахараны иҟоу апроектқәа ӡырыргеит.  

▫️ Аӡыргараан алахәцәа руаӡәы анагӡаразы ирыдигалеит апроект "Асас изыԥшу Аԥсны".

▫️ Атуристтә аԥшьгарақәеи "Асас изыԥшу Аԥсны" аусхки рнапхгаҩцәа реицлабра официалла ихацыркын Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадреи анапхгараҭаратә проект "Аԥсны акоманда" афиналистцәеи реиԥылараан. 

▫️ Атуристтә маҵзурақәа рыҟны аус зуа Аԥсны ахаҭарнакцәа аицлабра рхы аладырхәыр рылшон иара убас рпроектқәа ӡырыргаргьы.  

▫️ Ахцәажәарақәа раан алахәцәа хаҭала раԥшьгарақәа рцәыргареи Аԥсни Урыстәылеи амчрақәа рхаҭарнакцәа рыҟнытә аексперттә хәшьарақәа риуреи рзы алшара рыман. 

▫️ Алахцәа ицәырыргаз апроектқәа акомфорти ашәарҭадареи, аекологиа, акультура, атуризм иазку аусхкқәа рыҟны аҭагылазаашьа аиӷьтәра иазкын.

▫️ Аиԥылараҟны ирылаҳәан аицлабра "Аԥсны акомандаҟны" аиааира згаз рпроектқәа рынагӡаразы 1 млн мааҭк иапсоу агрант роур шыҟало. 

▫️ Аԥсны ажурналистцәеи амедиатехнологцәеи рзы зымҽхак ҭбаау апрограмма —-  аҵараиуратә проект "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" аҟазарҭа иалахәхоит. 

▫️Апроект «Аԥсны аҳәаа» атуризм, аспорт, апатриотизм алаааӡара арҿиара иазкуп.

▫️Апроект «Зегьы рзы иаарту Аԥсны атәыла" аинклиузивтә туризм арҿиара иазкуп.

▫️Апроект «Акомфорти ашәарҭадареи» атуристтә инфраструктура арҿиара алнаршоит.

▫️Апроект «Аволонтиортә центр» иаку, еснагь аус зуа аҭыԥ — Аԥсны Аҳәынҭқарра Аволонтиортә центр аԥҵара иадҳәалоуп.

▫️Апроект «Аекологиатә патруль» Аԥсны аԥсабаратә гәамеизакырҭақәа зегьы рҭыԥ алкаареи сабшала коллективла аусеицура (асубботник) аиҿкаареи иазкуп. 

▫️Апроект «Ахәышәтәырҭақәа рыҟны ахәыҷқәа руадақәа» агәабзиарахьчара асистема аиӷьтәра иацхраауеит.

▫️Апроект «Исоциалтәу атакси» аиҭаҵра зцәыуадаҩу атәылауаа рзы асоциалтә такси амаҵзура нхарҭәааны аԥҵара иазкуп.

 

Аицлабра "Аԥсны акоманда" алахәцәа мҩаԥысуан аплатформа "Урыстәыла — алшарақәа ртәыла" адгыларала Аԥсны Ахада Гәынба Бадра иаԥшьгарала. Апроект хацыркын мшаԥымза 12 рзы, ихыркәшан мшаԥымзазы.

Аицлабра "Аԥсны акоманда" аҽалархәразы иалаҵан 3 нызқь ҭахҳәага. Урҭ рахьтә афинал аҟынӡа инаӡеит 86-ҩык, аиааира ргеит 20-ҩык.

 

Read 14 times Last modified on Аԥшьаша, 07 Нанҳәа 2025 19:04
aps25