Ахаша, 06 Нанҳәа 2025 23:04
Гәынба Бадреи Сергеи Кириенкои арҵаҩцәа злахәыз астратегиатә сессиа иалахәын
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Актәи Ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои ашколқәа рнапхгаҩцәеи арҵаҩцәеи злахәыз астратегиатә сессиа иалахәын.
Асессиа алахәцәа алацәажәеит ашкол аҵара аиурҭа мацара акәымкәа, ауаҩы иааӡара ахьымҩаԥысуа ҭыԥны ишыҟаҵатәу атәы. Иазааҭгылеит апатриотизм алааӡара, ашколнҭыҵтәи аусура, акультуратәи аҵаралашаратәи проектқәа реимадара иазку атемақәа.
Иара убас ирыхәаԥшын аԥснытәии урыстәылатәии ашколқәеи русеицуратә еизыҟазаашьақәа ирызку азҵаарақәа рыӡбара, азеиԥш ҵараиуратә программақәеи аҿари аҭаацәеи аус рыдызуло арҵаҩцәа адгылара рыҭареи рыларҵәара аус.
Икьыԥхьуп
Новости