Аусмҩаԥгатә иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадреи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Актәи Ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои.
Асеминар аҳәаақәа ирҭагӡаны иӡырган аԥснытәи икоммерциатәым аиҿкаарақәа рыҟнытә апроекттә аԥшьгарақәа. Уи иалахәын Икоммерциатәым аиҿкаарақәа, аҵараиура, акультура, асоциалтә дгылара, аекологиа, иара убас ақыҭа еиланхарҭақәа радминистрациақәа рзы аҳәынҭқарратәи амуниципалтәи усҳәарҭақәа рхаҭарнакцәа.
Ахада игрантқәа рфонд анагӡаратә директор Антон Долгов ирылеиҳәеит ауаажәларратә аԥшьгарақәа реицлабра «Аԥсны аиҿкааҩцәа» азы аҭахҳәагақәа рыдкылара ишалагаз атәы. Уи иажәақәа рыла, аҽалархәра зҭаху аиҿкаарақәа 1 инаркны 5 миллион мааҭк рҟынӡа адгылара рырҭар рылшоит иара апроект амҽхак зеиԥшрахо еиԥш. Аицлабра аоператорс иҟалоит асоциалтә технологиақәа рцентр «Гарант».
«Ари ҵараиуратә семинар мацараны иҟаӡам, ари ауаажәларратә ҵакы змоу ҳтәылауаа раԥшьгарақәа рынагӡаразы алшара узҭо механизмуп», – иазгәеиҭеит Гәынба Бадра.
«Урыстәыла Ахада иԥылараан излацәажәоз Бадра Зураб-иԥа иаԥшьгарақәа ируакны иҟоу ари апроект хықәкыс иамоуп икоммерциатәым аиҿкаарақәеи амчратә усбарҭақәеи зинла еиҟароу партниорцәаны аҟаларазы алшара рыҭара», — иаҵшьны иазгәеиҭеит Сергеи Кириенко.