АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Аԥшьаша, 07 Нанҳәа 2025 18:45

Гәынба Бадреи, Бигәаа Беслани, Сергеи Кириенкои ашьха қыҭа Ԥсҳәы иаҭааит

Аԥсны анапхгаҩцәеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Актәи Ихаҭыԥуаҩ ара Кавказ ахьчаҩцәа рбаҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

 

Амонумент еиҭашьақәыргылан Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира 80 шықәса ахыҵра инамаданы Урыстәыла иҟанаҵаз ацхыраарала.

  

 Гәынба Бадреи, Бигәаа Беслани, Сергеи Кириенкои аинфраструктура асоциалтә обиектқәа ирҭааны ирбеит, аҭыԥантәи ауааԥсыра ирацәажәеит.   

 

Аԥсны Ахада Гәынба Бадра иҳәеит ԥхынгәымза 13 рзы ақыҭаҟны даныҟаз ишьҭыхыз: авиаеимадара, аӡфымцастанциа, ахәыҷтәы шҭақәа реиҿкаара уҳәа реиԥш иҟоу азҵаарақәа рыӡбара ишаҿу.

 

Read 8 times Last modified on Ахәаша, 08 Нанҳәа 2025 12:56
aps25