«Ҳаҭыр зқәу Алан Едуард-иԥа!
▪Аԥсны жәлар рыхьӡала, Шәара аԥхьа шәнаргыланы, Алада Уаԥстәылатәи ҳаиашьаратә жәлар рахь схы нарханы, исҳәар сҭахуп 2008 шықәса нанҳәамзазы иҟалаз ахҭыс бааԥсқәа инарымаданы шәхьаа шшәыцеиҩаҳшо.
▪Урҭ амш еиқәаҵәақәа иаадырԥшит ауаԥс жәлар рхачҳара, Аԥсадгьыл ахақәиҭразы хьаҵрак шыҟарымҵо.
▪ 2008 шықәса нанаҳәамза адунеи зегьы ианарбеит Урыстәыла Дуӡӡа арыцҳара иақәшәаз аҩыза иарӷьажәҩаны ишидгыло. Урыстәыла анапхгара ианаамҭоу арҭ ахҭысқәа иахьрықәҿнаҭыз иабзоураны ҭынч инхоз-инҵуаз Цхьынвал ақалақь ауааԥсыра ирықәлаз ақырҭуа архәҭақәа ԥыххаа иқәҵан.
Иахьа ҳара ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит усҟан иҟалаз ахлымӡаах иалаӡыз, Уаԥстәыла ахьчаразы фырхаҵарыла игылаз, иара убас урыстәылатәи аррамаҵзурауаа Алада Уаԥстәыла ажәлар реиқәырхаразы зхы иамеигӡаз зегьы.
Ҳаҭыр зқәу Алан Едуард-иԥа, аҳәара ҟасҵоит сыхьӡала Алада Уаԥстәылатәи ҳаиашьаратә жәлар ирзеиӷьашәшьарц аҭынчра, аизҳазыӷьара.
Ҳажәларқәа еидызкыло акәны иҟоуп ҳаԥсадгьылқәа рыхьчаразы ақәԥара, ихьыԥшым Аԥсны Аҳәынҭқарреи Алада Уаԥстәылеи рҭынч ԥсҭазаара аргылараҿы ҳаидгылоит жәҩахыр еибыҭарала».