Аҳәынҭқарра Ахада иарҳәеит Ауадҳара алагер аҟны зыԥсы зшьо ахәыҷқәа ԥырхага шрымам атәы.
Гәынба Бадра аиҳабыра рнапы ианиҵеит ахәыҷқәа ршәарҭадара алыршаразы иаҭаху зегьы ҟарҵац.
Ахада аԥыза-министр Делба Владимир идиҵеит иаарласны аԥсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ ахь дцаны аҭагылазаашьа ҭиҵаарц, уи ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы ажәалагалақәа идигаларц.