Ҳаҭыр зқәу аргылаҩцәа!
Гәык-ԥсык ал ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа — Аргылаҩ имш!
Шәара имҩаԥыжәго аусура ҳтәыла аҿиара шьаҭас иамоуп. Шәара шәҟазареи шәааԥсареи ирыбзоураны рыргылара мҩаԥысуеит анхарҭа ҩнқәа, ашколқәа, ахәшәтәырҭақәа, амҩақәа, ацҳақәа. Шәара ҳтәылауаа анхаразы аҭагылазаашьа бзиақәа рзаԥышәҵоит, Аԥсны ақалақьқәеи ақыҭақәеи рхаҿра шьақәшәыргылоит.
Абри аныҳәамш азы иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп шәааԥсаразы, иныҟәыжәго аҭакԥхықәразы, шәус шәазыҟазаашьазы. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, анасыԥ, шәзанааҭ аҟны аихьӡара ҿыцқәа.
Қәҿиарала имҩаԥыслааит шәыпроектқәа, шәнапы злаку аусура насыԥ шәнаҭалааит!