Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра алагер «Ахьышьҭрахь» ԥсшьара ҳәа иааз Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаа рхәыҷқәа дырԥылеит.
Алагер «Ахьышьҭрахь» есышықәса еиҿнакаауеит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы адиаспора иазку аидеологиатә программа инақәыршәаны. Сынтәа ари апрограмма шьақәгылоуп х-гәыԥк рыла, уажәы актәи агәыԥ аҟны иҟоуп Ҭырқәтәылантәи иааз 80-ҩык ахәыҷқәа, анаҩстәи агәыԥ иалахәхоит Аҩадатәи Кавказынтә ҳаиашьаратә республикаақәа рыҟнытә 70-ҩык ахәыҷқәа. Ахԥатәи агәыԥ иара убас ишьақәгылоит Ҭырқәтәылантәи иаараны иҟоу ҳдиаспора ахәыҷқәа рыла.
Алагер апрограмма мҩаԥысуеит 10 мыш. Ари аамҭа аҩныҵҟала ахәыҷқәа иддырбараны иҟоуп мраҭашәаратәи еиԥш, мрагыларатәи Аԥсны аҭоурыхтә ҭыԥ ҷыдақәа.
Ахәыҷқәа рзы иазырхиоуп аконцертқәеи ажәеинраалақәа рыԥхьареи рыла ишьақәгылоу акультуратә программа. Апрограммаҟны иарбоуп иара убас Аҳәынҭқарратә еилакы еиҿнакааз аижәлантәқәа рԥылара, реибардырра. Ари хықәкыс иамоуп Аԥсны инхо ахәыҷқәа рҭынхацәа, рыжәлантәқәа дырдырра, аимадара рыбжьаҵара.
Ахада ахәыҷқәа аԥсшәа раҳәо, иаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсни адиаспореи реимадара арӷәӷәара иамоу аҵакы, иара убас иҳәеит ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа абиԥара ҿыцқәа рмилаҭтә хаҿра аиқәырхара, рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь агәбылра дыркра ишацхраауа.
Аиԥылара мҩаԥысит гәыблыла, аԥхарра аманы. Ахада ахәыҷқәеи урҭ рнапхгаҩцәеи рызҵаарақәа рҭакқәа ҟаиҵеит.
«Даара акраҵанакуеит ҳдиаспора ахәыҷқәеи Аԥсны ииз, ара инхо ахәыҷқәеи реимадара, реиҿцаара. Ари аиҩызара рыбжьанаҵоит, аԥсадгьыл агәбылра днаркуеит, рҭорыхтә ԥсадгьыл ахь ирымоу абзиабара иацнаҵоит, амҽхак арҭбаауеит. Убри аан ҳазхәыцроуп аҵак ду шамоу абас еиԥш алагер аҿы аҭыԥантәи ахәыҷқәеи ҳдиаспора ахәыҷкәеи реизааигәатәразы гәыԥк аҿы реиқәыршәара, рыԥсы еицыршьо аиҿкаара», - иаҵшьны иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада. Иара убас
Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапы ианиҵеит ҷыдала хшыҩзышьҭра арҭарц абас еиԥш иҟоу алагерқәа реиҿкаара, ажәагьы риҭеит хаҭала уи аиҿкаашьа дшахылаԥшло.
«Иаҵшьны исҳәарц сҭахуп, дарбанаԥсуазаалак дахьыҟазаалак идыруазароуп Аԥсны есқьынгьы иара иԥсадгьыл ауп, ара есқьынгьы изыԥшуп, ибара еигәырӷьоит. Аҳәынҭқарра ҳхатәы бызшәа аиқәырхара, аҵара зҭаху зегьы адгылара аҭара иазхиоуп», - иҳәеит Гәынба.
Ахада акыраамҭа дрышьҭуамызт — ахәыҷқәа аҳәатәы рацәаны ирыман, ирбаз, ираҳаз иарҳәар рҭахын, аҵыхәтәан, гәаларшәагас идгыланы рфотосахьақәа ҭырхит.