АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахаша, 17 Цәыббра 2025 22:55

Аԥсны Ахада Ҭаҭарсҭанынтәи аделегациа идикылеит

А

 

Аиԥылара иалахәын Ахада ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан, Ахада Иадминистрациа анапхгаҩы Ешба Беслан, акультура аминистр Ақаҩба Даур.

 

Ирылацәажәеит Аԥсни Ҭаҭарсҭани рыбжьара акультура аусхк аҟны аусеицура иазку азҵаарақәа.   

 

Ахада иазгәеиҭеит акыршықәсалатәи  аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара иамоу аҵакы, иара убас иаҵшьны иҳәеит Аԥсны аибашьра ашықәсқәа раани урҭ рышьҭахьи Ҭаҭарсҭан иҟанаҵаз ацхыраара ҳаҭыр шақәырҵо.   

 

 Аиԥылараан аҳәынҭқарра Ахада иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә маҵзурахьы иеиҭалхра инамаданы, Ҭаҭарсҭан Ареспублика ахада Рустам Минниханов ихьӡала адныҳәалара ҟаиҵеит.

 

 «Алхрақәа рылҵшәа иаанарԥшит Рустам Минниханов Ҭаҭарсҭан ауааԥсыра рыԥсҭазаара аиӷьтәра, аекономикеи асоциалтә усхки рыҿиара иазку иусура ахырхарҭа ареспублика ауааԥсыра адгылара шарҭо атәы», —иҳәеит Гәынба Бадра.

 

Ҭаҭарсҭан аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Уасил Шаихразиев иҭабуп ахиҳәааит аԥхарра зҵаз адкылареи аусеицуреи.

 

«Ҳара ҳзы аҵак ду амоуп акультуратә еимадарақәа, Аԥсни Ҭаҭарсҭани рырҿиаратә коллективқәа рыбжьара агастрольқәа реиҿкаара аус, Аԥснеиԥш, Ҭаҭарсҭангьы имҩаԥысуа афестивальқәеи афорумқәеи рыҽрылархәра», — иҳәеит Уасил Шаихразиев.

 

 
Read 19 times Last modified on Ахаша, 17 Цәыббра 2025 22:58
aps25