АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Аԥшьаша, 18 Цәыббра 2025 19:53

Аԥсны Ахада Гәынба Бадра Гьерзмаа Хьыбла илҭаз ааԥхьарала аопера «Анна Болеин» аҟны дыҟан

▫️ Гьерзмаа Хьыбла иҟалҵаз ааԥхьарала аопера апремиера ахәаԥшраҟны дыҟан Аԥсны Ахада Гәынба Бадра иԥшәмаԥҳәыс Ҳашын Ирма дицны.

▫️ «Анна Болеин» — Гаетано Доницетти еиҳа иеицырдыруа иоперақәа ируакуп. Уи раԥхьаӡакәны аҭоурыхтә премиера мҩаԥысит 1830 шықәсазы милантәи атеатр «Каркано» асценаҟны. Асиужет шьаҭас иамоуп акрал Генриха VIII аҩбатәи иԥҳәыс ллахьынҵа цәгьа, афырԥҳәызба хада лпартиа иеиуеиԥшым аамҭақәа рзы инарыгӡахьан аднеи аспорана дуӡӡақәа: Мариа Каллас, Монсеррат Кабалие, Џьоан Сазерленд, Едита Груберова.

▫️ Арежиссиор — Сергеи Новиков. Адирижиор-ақәыргылаҩ — Феликс Коробов. Асценографиеи акостиуми — асахьаҭыхҩы Иван Складчиков.

Read 16 times Last modified on Аԥшьаша, 18 Цәыббра 2025 20:12
aps25