«Ҳаҭыр зқәу Алан Едуард-иԥа, Алада Уаԥстәылаа ҳашьцәа, ҳаҭыр зқәу аколлегацәа,, акыр иаԥсоу аҩызцәа!
Сара сзы ҳаҭыр дууп иахьа ара аҟазаара, Ареспублика 35 шықәса ахыҵра иазку ари аныҳәа ду ахьшәыцеиҩысшо.
Ари ахҭыс аҭоурыхтә ҵакы амоуп. акыр шықәсқәа раахыс ахақәиҭреи исуверентәу аҳәынҭқарреи рзы ақәԥара мҩаԥызгоз Алада Уаԥстәыла ажәлар ргәымшәареи рхачҳареи ирсимволуп. Ахьыԥшымрахь инагоу амҩа ахаангьы имариаӡам. Алада Уаԥстәыла ажәлар аԥышәареи ацәыӡ дуқәеи акыр рхыргеит, аха абри ақәԥароуп Алада Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарра ахьыԥшымра уасхырс иазышьҭалазгьы.
Ҳара ҳажәларқәа рҭоурых ахьеиԥшу рацәоуп, ахақәиҭразы ақәԥараантәи ашықәс хьанҭақәа еицаҳхаҳгеит. Лахьынҵак ауп иҳамоу, ахақәиҭра аҵакы еиԥшны иҳадаҳкылоит. Иаҳдыруеит уи иахҭнаҳҵаз, убри аҟнытә ахәгьы ҳаракны иаҳшьоит.
17 шықәса раԥхьа, 2008 шықәса нанҳәамза 8 рзы Алада Уаԥстәыла ажәлар еиҭа аԥышәара ӷәӷәа иҭагылеит. Абри ауха ақырҭуа архәҭақәа мыцҳәарыла Алада Уаԥстәыла иақәлеит ҭынч ицәаз ақалақь ахи аҵыхәеи иалаланы, урыстәылатәи абжьаҟазацәа рбаза еихсуа.
Ишьаарҵәыраз урҭ амшқәа рзы адунеи даҽазныкгьы лабҿаба иабеит ауаԥс жәлар ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы хьаҵрак шыҟарымҵо.
Алада Уаԥстәыла иадгыланы иқәгылаз Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала иаиуыз ацхыраара иабзоураны ари аибашьраҟны усҟан аҭагылазаашьа шьаҭанкыла аҽаԥсахит. Уи иабзоураны зықьҩыла ауаа реиқәырхара алыршахеит, агрессоргьы даанкылахеит. Убасҟан аҭоурых аҟны Аԥсни Алада Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара адаҟьа ҿыц аартн. Арҭ ахҭысқәа ҳгәалашәараҿы инхоит аиашьареи, агәымшәареи, аиашеи ирсимволны.
Алада Уаԥстәыла иахьа аҿиарамҩа иануп. Арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟала аусура ду мҩаԥгоуп амчхара аинститутқәа рышьақәыргыларазы, аҵараиура, агәабзиарахьчара асистема арӷәӷәаразы.
Ареспублика шьаҿа-шьаҿала жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзин наӡа змоу субиектк аҳасабала ахы ашьақәырӷәӷәара иаҿуп, активла аинтеграциатә процессқәа ирылахәуп, аекономикатә еизыҟазаашьақәа, адәныҟаполитикатә еимадарақәа рырҿиара мҩаԥысуеит.
Арҭ амшқәа рзы Цхьынвал имҩаԥысуеит жәларбжьаратәи аекономкатә форум «Алада Уаԥстәыла». Аинвестициақәа рлаԥшҳәаа». Уи, жәаҳәарада, аекономикатә еизыҟазаашьақәа рырҭбаара иацхраауеит, аекономикатә ҿиаразы алшара ҿыцқәа аанартуеит.
Акыр иаԥсоу аҩызцәа!
Аԥсни Алада Уаԥстәылеи традициала аишьаратә ҟазшьа ныҟәыргоит. Шәареи ҳареи ҳаидгыланы ахьыԥшымра амҩа ҳанысит, убас ҳаидгылоуп исуверентәу ҳҳәынҭқаррақәа рыргылареи рырҿиареи рыҟны.
Аҵыхәтәан Алада Уаԥстәыла ажәлар гәык-ԥсык ала ирыдысныҳәаларц сҭахуп Ареспублика 35 шықәса ахыҵра, аҭынчра, ахирра, аихьӡара ҿыцқәа рзеиӷьасшьоит аҳәынҭқарра аизҳазыӷьара амҩаҟны.
Нагӡара ақәзааит Алада Уаԥстәыла Ареспублика!»