АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Амҽыша, 21 Цәыббра 2025 00:38

Аԥсны Ахада Гәынба Бадра аекономкатә форум «Алада Уаԥстәыла. Аинвестициақәа рылаԥшҳәаа» аҳәаақәа ирҭагӡаны аиқәшаҳаҭрақәа рыҵаҩра иазкыз ацеремониа далахәын.

Афорум аҟны Аԥсни Алада Уаԥстәылеи реиҳабырақәа рыбжьара аиқәшаҳаҭрақәа ирыҵаҩын.   

 Атауарқәа рылахәаахәҭра арежим азы Аиқәшаҳаҭреи  Аинвестициатә усхк аҟны аусеицура амҩаԥгаразы Аиқәшаҳаҭреи ирыҵарҩит Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономика аминистр Ҭемраз Амқәаби Алада Уаԥстәыла Ареспублика аекономикатә ҿиара аминистр Сармат Котаеви.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банки Алада Уаԥстәыла Ареспублика Амилаҭтә банки рыбжьара Аиқәшаҳаҭра иаҵарҩит абанкқәа рхантәаҩцәа Беслан Бараҭелиеи Сослан Бекоеви.

 

Аҳҭнықалақьқәа рыбжьара аиашьаратә еимадарақәа рышьақәыргыларазы Аиқәшаҳаҭра иаҵарҩит Аҟәа ақалақь администрациа ахада Ҭемыр Агрбеи Цхьынвал ақалақь администрациа ахада Алан Габараеви.

 

Аԥсны Ахада Гәынба Бадра иара убас даҭааны ибеит Алада Уаԥстәыла ааглыхратә наплакқәа рпавилионқәа рекспозициақәаеи урҭ иҭрыжьуа аалыҵи.

 

Аԥсны Ахада Гәынба Бадра афорум апленартә еилатәара далахәын.  

 

Афорум иалахәын хыԥхьаӡара рацәала амчхаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа, аинвесторцәа, анаплакҩцәа, еиуеиԥшым атәылақәа рыҟнытә аекспертцәа.  

 

Афорум аҟны ирылацәажәеит аинвестициатә проектқәа, атәылақәа рыбжьара аимадарақәа рырӷәӷәара азҵаарақәа, иара убас абанктә система, атуризм, ақыҭанхамҩа аҿиара азҵаарақәа. Аусмҩаԥгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны иеиҿкаан апроектқәа рцәыргақәҵа.   

Read 18 times Last modified on Амҽыша, 21 Цәыббра 2025 00:43
aps25